Авторизация:

Саида Кәарҷиа лҭакра аӡбарҭа адымгылеит

Саида Кәарҷиа лҭакра аӡбарҭа адымгылеит
13 ноября 2018 13:42 3390
Аҧсадгьыл-инфо, 13 2018 ш.  

Аӡбамҭаҿы иаҳәоит лара илыдрыҧхьаӡало аус азы лҭакра ацҵара аҭахны ишырмыҧхьаӡо

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 13 2018 ш. Ноиабр 12 2018 ш. рзы Аҟәатәи аӡбарҭаҿы Саида Кәарҷиа лҭакра иацҵатәуп ҳәа Аҟәа прокурор иҟаиҵаз ажәалагала иахәаҧшуан. Зарина Габеева напхагара зылҭоз аӡбарҭаҿы апрокурор иажәалагала иадымгыларц рыӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Кәарҷиа С. В. иул 14 2018 ш. рзы хықәкыс иҟаҵаны Аҩӡба Дмитри Иона-иҧа дылшьит ҳәа лыдрыҧхьаӡалоит. (Ашьауӷатә кодекс 99 астатиа – 6 инаркны 12 шықәса аҭакра)

Аус ҭызҵаауа аӡбарҭахь рааҧхьара ахҟьеит ацәгьаура ҟазҵаз апсихолого-психиатриатә експертиза дызхысыз алҵшәеи, убас ишьыз иганахьала аӡбарҭатә-медицинатә експертиза алҵшәеи макьаназы иахьырмоуц.

Аӡбаҩ илыдылкылаз аӡбамҭазы илҳәеит ацәгьаура ҟазҵаз ҳәа ирыҧхьаӡо доурыжьыр аусҭҵаара дшаҧырхагахо, мамзаргьы ацәгьаура ҟаҵара ишацылҵо, ма лҽылҵәахырц шлылшо зырҵабыргуа аргументқәа аус ҭызҵаауа ишрымамыз. Аӡбамҭаҿы иаҳәоит лара илыдрыҧхьаӡало аус азы лҭакра ацҵара аҭахны ишырмыҧхьаӡо.

Саида Кәарҷиа лҭакра аҽҳәара нҵәоит ноиабр 14 2018 ш. рзы.

Аҟәатәи аӡбамҭа иаӡбаз азы Аҟәа апрокуратура хымш ирылагӡаны Иреиҳаӡоу аӡбамҭахь акассациа нанашьҭуеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений