Мызкы 3,5 нызқь мааҭ ҳәа акрыфара ауеит ҳәа изыҧхьаӡоз саратовтәи аминистр дамырхит.
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 12 2018 ш. Саратовтәи аобласт агубернатор Валери Радаев лусура дамихит аџьеи амиграциеи рзы аминистр Наталиа Соколова, аанацҳауеит gazeta.ru.
Уи аҩыза ҟалеит лара 3,5 нызқь мааҭ ҳәа мызкы акрыфара ауеит ҳәа ахьылҳәо Интернет ианҭарҵа ашьҭахь.
Аҭыҧантәи адепутат Николаи Бондаренков, лара лажәақәа рышьҭахь илымеикит, иҳәеит иара ихаҭа уи аҧара ала мызкы акрыфаразы аексперимент шымҩаҧиго, ларгьы ус ҟалҵарц шлабжьиго. Аминистр илҳәеит лара лстатус уи аҩыза алшара шылнамҭо.
Ари аҩыза ҟалеит Саратовтәи аобласт аҿы ауаа мызкы инырхраны иҟоу аминимум атәы ианалацәажәоз. Иахьазы аобласт аҟны аминимум ҳәа иҧхьаӡоуп 7241 мааҭ. Адепутатцәа уи даҽа 500 мааҭ ацырҵарц рҭахын, аминистр лакәзар, 288 мааҭ ацҵара азхоит ҳәа илыҧхьаӡеит.