Авторизация:

Ефрема Ешбеи Рауф Лакобеи ахьжу еилкаахеит

Ефрема Ешбеи Рауф Лакобеи ахьжу еилкаахеит
фото: Т. Гулиа
10 ноября 2018 20:14 2602
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба Ефрем Ешбеи Нестор Лакоба иҧа Рауфи ахьжу аҭыҧ «Коммунарка» даҭааит.

Ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәа Сталин ихаан иршьыз еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы Ефрем Ешбеи, 18 шықәса зхыҵуаз Рауф Лакобеи, Ҭенгиз Лакобеи, Николаи Лакоба-Григолиеи ахьжыз аҭыҧ аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Абри атәы аалыцҳауеит Аҧсны ацҳаражәҳәара аусзуҩы Татиана Гәлиа.

Акагьы зхараӡамкәа иҭархаз ауаа ахьжыз убас инеит Ефрем Ешба имаҭа, амузыкант Виктор Абрамиан-Ешба, аҭоурыхҭҵааҩ Иури Анчабаӡе.

Татиана Гәлиа Аҧсадгьыл-инфо анлыҿцәажәоз илҳәеит ацҳаражәҳәарҭаҿ «Коммунарка» аҿы Ефрем Ешба дышжу атәы разҳәаз Виктор Абрамиан-Ешба шиаку. Иара ари иҷыдоу, анкьа НКВД иатәыз ари аобиект октиабр 27 рзы анаадыртуаз ааҧхьара иман.


«Ҳара аллеиа аҿы ҳаҟан, Агәалашәаратә ҭӡы ианыз ахьӡқәа ҳрыхәаҧшуан. Ари аполигон аҿы 11 нызқьҩык рҟынӡа ршьит, аха иахьазы 6609-ҩык рыхьӡқәа роуп еилыркаахьо, урҭ зегьы араҟа икыдуп. Ауаа ахьжыҵәҟо аҭыҧ аӡәгьы издырӡом, ари территориа дууп. «Коммунарка» даара уцәа уҭанарӡыӡаауеит», - лҳәеит Татиана Гәлиа ауаа ахьыршьуаз аполигон аҟны лыҟазаара далацәажәо.

Зықьҩыла ауаа рыхьӡқәа ахьаныз ирыҧшааит Ешба инаҩс Нестор Лакоба иҧа Рауф Лакоба, убас Ҭенгиз Лакоба, Николаи Лакоба-Григолиа рыхьӡқәа.


«Нестор иҧа дҭаркит 15 ш. анихыҵуаз. 18 шықәса анбеихыҵуеи ҳәа иҧшын дыршьырц азы. Иара дыршьит иул 1941 ш. рзы. Усҟан аџьынџьтәылатә еибашьра цон, анемеццәа СССР иақәлахьан, атерриториақәа рымпыҵархалон, араҟа ахәыҷқәа рышьра иаҿын. Ари ухахьы иузаагом», - лҳәоит ацҳаражәҳәара ахаҭарнак.

Аполитик Иакуб Лакоба игәаанагарала, Рауф Лакоба дахьжу аҭыҧ еилкаахеит ҳәа аҳәара макьана изаацәоуп.

«Иҟоуп еиуеиҧшым аверсиақәа, «Коммуранкагьы» налаҵаны. Аха макьана Рауф Лакоба убра джуп ҳәа аҳәара ҳалшом», - иҳәоит Иакуб Лакоба.

Арепрессиатә шықәсқәа раан иҭадырхаз рлахьынҵа атәы еилышәкаарц шәылшоит абри асаит аҿы: https://bessmertnybarak.ru/

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений