Авторизация:

Багаҧшь иҭаацәа ажәлар ргәалашәара азы иҭабуп ҳәа рарҳәоит

Багаҧшь иҭаацәа ажәлар ргәалашәара азы иҭабуп ҳәа рарҳәоит
31 августа 2018 17:10 4442
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, август 31 августа 2018 ш. Аҧсны аҩбатәи ахада игәалашәара акамыжьразы иарбаз аусмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы Аҧсны аиҳабыра рахь гәыҧҩык ауааҧсыра ихацдыркыз ааҧхьара иадгыла з ауааҧсыра ргәалашәаразы, Сергеи Уасил-иҧа иусқәа ахьырхамышҭуа азы Сергеи Багаҧшь иҭаацәа иҭабуп ҳәа рарҳәоит.

«Ҳгәы иахәоит Сергеи Уасил-иҧа иҧсҭазаара зымаҵ аура иазикыз Аҧсны жәлар иара иусқәа пату ахьрықәырҵо, игәалашәара ахьырзаанхаз.Иҭабуп арҭ ашықәсқәа зегьы рзы иара дызхамышҭыз, иҳаҭгәын иаҭаауа, ажәа ҧхала дызгәалашәо зегьы.

Убас, ауаажәлар иҟарҵаз аинициатива иахаҵгылаз Аҧсны аиҳабыра иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - аҳәоит Сергеи Багаҧшь иҭаацәа рҳәамҭа аҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений