Аполитикатә партиа «Иаку Аҧсны» аиҳабы иаҧшьгарала аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкарақәеи рхаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара мҩаҧысит. Уаҟа иқәыргылан зҵаарак – Аҧсны ахада ҧхьатәара ицара.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 14 2018 ш. Иахьатәи аиҳабыраҿ иҟоу ауаа ирҿаргылатәуп апрофессионалцәа ркоманда, иҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Руслан Ҳашыг, апартиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа рахь ихы рханы.
«Аидеиақәа, апрограммақәа ҳадыжәгал, урҭ алзыршо ауаа рыхьӡқәа ҳашәҳә. Абри аҩыза ҟазҵо роуп алхрақәа ириааиуа, – азгәеиҭеит Ҳашыг. – Аамҭа аиааинӡа ахада ицара – уи иаанаго уажәы иаанхар, алхрақәа рҽазыҟарҵоит, нас амчра рхы иархәаны иаҭа иаиааиуеит ҳәа шәара шәшәара ауп иаанаго. Даҽа механизмк ухы иархәатәуп, акоманда еиҿкаатәуп».
Ҳашыг аполитикцәа ирабжьигеит Аҧсны иҿыцӡоу аҭоурых анализ азырурц.
«Шаҟа енергиа ақәдырӡи аполитикатә партиақәа 2003 ш. рзы ахада ҧхьатәара дцарц иаамҭа аиааинӡа. Убас сгәаанагара ыҟоуп, аполитикатә партиақәа ирҳәо уаҳа рымаӡам ҳәа. 2003 ш. рзы ауп ахада иаамҭа аиаанӡа дцароуп ҳәа ианықәгыла, убри аахиижьҭеи уи зегьы рхы иадырхәоит. Апроцесс иалаху рҽырыҧсахуеит, аха атема аанхеит», - иҳәеит Руслан Ҳашыг.
«Уаҩык, журналистк иаҳасабала еилыскаарц сҭахуп, иҟалои абри аамҭа иалагӡаны, иаамҭа аиаанӡа ахада ҧхьатәара дцартә еиҧш аинициатива аҟаҵаразы? Иахьазы иҟоу апартиақәа адгылара ӷәӷәа змоу ҳәа акагьы ыҟаӡам, аполитикатә персонақәа 15 процент еиҳаны алхыҩцәа зыдгыло дыҟаӡам. Ауаа иахьа аӡәгьы игәра ргаӡом. Ҳара уи ҧшьынтә ҳахысхьеит. Шәара даҽа материалтә ҭагылазаашьак аҿы шәыҟоуп, ҳаҭыр зқәу аполитикцәа. Шәара ишәзеилкааӡом ҳауаажәларра асоциалтә ганла шаҟа еиҟәшоу. Шәара хыхьынтә шәылбааны игәашәҭ ауаа шынхо. Зҭаацәа зланыҟәырго ззымдыруа алхыҩцәа алхрақәа ирхьыҧшуа иалагшеит, ҳара урҭ ашьҳарцылеит алхрақәа раан иҽием атехнологиақәа рхархәара, аҧара», - иҳәеит Ҳашыг.
Иааиуа ахада иара дибоит иҟоу аҭагылазаашьа еилкааны зхы, зыҧсы зегьы уи ариашара иазызкуа уаҩны.