Авторизация:

Руслан Қапба: Владимир Агрба акы дацәшәо, иҽыҧхьаикуа иҟаз уаҩымызт

Руслан Қапба: Владимир Агрба акы дацәшәо, иҽыҧхьаикуа иҟаз уаҩымызт
афото: Sputnik
2 апреля 2020 09:17 749
Апсадгьыл-инфо, 2 апреля 2020 г.  

Аҧсуа литературеи литератураҭҵаареи, фольклористикеи ироуит ацәыӡ ду. Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит 85 шықәса дшырҭагылаз зыҧсҭазаара иалҵыз, «Ахьӡ-аҧша» аорден III аҩаӡара занашьаз, аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, афилософ, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Бабахь-иҧа Агрба.

Владимир Агрба иааҧсарақәа акыр ирацәоуп аҭҵаарадырра аус аҿы. Алаф бзиа зҿаз, аҧсуара иацныҟәоз, раҧхьатәи амшқәа инадыркны амилаҭтә хақәиҭратә қәҧара иалагылаз аҵарауаҩ ииасхьоу аамҭала ихцәажәара иҩызцәа рзы даара ихьанҭоуп.

Аҵарауаҩ, акритик Руслан Қапбеи Владимир Агрбеи класск аҿы аҵара еицырҵон. Шьыжьла ашкол ахь еиццон, ианыҩеидасгьы аҭҵаарадырреи, алитературеи аҩыџьагьы рҽазыркит. Рҩызара акәзар, ҧықәслара амамкәа, рыҧсҭазаара зегьы иалыргеит.


«Владимир Бабахь-иҧа дҵарауаҩ дуун, азыҟаҵареи адырра дуқәеи змаз, акыр инарҵауланы ихәыцуаз, амилаҭтә ҭҵарадырра апроблемақәа ҷыдала ирызнеиуаз, афольклори алитературеи алкааны аус адызулоз иакәын. Ус баша-машоума, Москва адунеизегьтәи алитературатә институт аҟны аспирантура иалганы адиссертациа ахьчара. Даара иазыҟаҵаз кадрын. Хаҭала иареи сареи даара ҳаизааигәаӡан. Ҳҩызара алагеит Тамшьтәи ашкол аҿы. Ҳаиқәшәеит ажәбатәи акласс аҿы. Кәтолынтәи шьапыла ашкол ахь ҳаиццон. Аханатә аахыс иара амаҭәарқәа зегьы еиҟараны идыруан, ибзианы ицааиуан. Сара сзы Вова аиашьа диҩызан», - иҳәоит аҵарауаҩ Руслан Қапба.

Иара иазгәеиҭоит хыхь ииҳәаз инаҷыдангьы, Владимир Агрба аҧсуа фольклор амилаҭтә литературеи аҧсуа жәлар рпоезиеи ишырныҧшыз иазку инарҵауланы иҩыз амонографиа акыр шаҵанакуа.

«Уи усумҭа дууп. Иара убас хәы-змам усумҭаны иҟоуп ажәлар рҿаҧыҵтә ҳәамҭақәа реизга. Ҳара ҳлитература аҭҵаараҿы зышьҭа ахаан ианымҵуа уаҩуп. Иҵара, идырра, иаҧиҵаз иусумҭақәа, аҵыхәтәан Баграт Шьынқәба изкны иҩыз мацара абанӡанеиуеи. Уи ҷыдала иҭҵааны, иахцәажәаны, ахәшьара зҭатәу усумҭоуп», - азгәеиҭоит Қапба.

Исцәыуадаҩуп абри аҟара исзааигәаз ауаҩы, аҟамзаара аамҭала ихцәажәара, аха сара сзы Владимир Агрба еснагь иҧсы ҭоуп, сыҟанаҵы дсыцуп, сааигәа дыҟоуп, иҳәоит аҵарауаҩ. Иара игәныигоит аӡәи-аӡәи анзеиҭанымаиааиуа аамҭа уадаҩ азы иҧсҭазаара дахьалҵыз.


«Цәыӡ дууп Владимир Агрба иҟамзаара аҧсуа милаҭтә литература азы. Аха иара иҭынхаз алитературатә критикатә статиақәеи, амонографиақәеи, акультура иазикыз аусумҭақәеи акыр рыҵаркуеит. Убри анаҩсгьы, иара амилаҭтә хьыҧшымратә қәҧара еснагь агәҭаны дгылан. 140-ҩык рышәҟы аҟынгьы ихьӡ ҿаҿаӡа иануп. Владимир Бабахь-иҧа акы дацәшәо, дхьаҵуа, ианаҭахәу иҽыҧхьаикуа иҟаз уаҩӡамызт. Иара еснагь аиаша иҳәон, аиаша дазықәҧон. Иара иҩызцәа аҵарауаа Анцәа иҳаиҭааит, аха акыр иуадаҩуп ас еиҧш иазыҟаҵоу аҵарауаҩ иааӡара», - ҳәа азгәаиҭоит Руслан Қапба.

Иара иҳәоит Владимир Агрба аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа акыр игәы ишалаз аибашьраан ақырҭқәа иҩны иҩналаны ирыблыз иархивтә материалқәа. Усҟан амца иалаблит акыршықәса рыҩныҵҟа еизигоз, аус здиулоз аматериалқәа.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений