Авторизация:

РПЦ Константинопольтәи апатриархати дареи реимадара ааннакылеит

РПЦ Константинопольтәи апатриархати дареи реимадара ааннакылеит
15 октября 2018 21:06 2149
Аҧсадгьыл-инфо, 15 2018 ш.  

Аурыс аиашахаҵаратә уахәама иҧшьоу Асинод уажәшьҭарнахыс Константинопольтәи апатриархати дареи реимадара уаҳа изалыршахом ҳәа азгәанаҭеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 15 2018 ш. Минск октиабр 15 2018 ш. рзы имҩаҧгаз Аурыс аиашахаҵаратә уахәама иҧшьоу Асинод аҟны Константинопольтәи апатриархат Аурыс уахәама иатәу атерриториақәа рҿы рус ахьаларҵаз азы аҳәамҭа рыдыркылеит, аанацҳауеит Аурыс аиашахаҵаратә уахәама асаит.

Уаҟа иаҳәоит Константинопольтәи апатриархат ахымҩаҧгашьа уаҳа ишалнамыршо дара реимадара.

Асинод аилатәара анынҵәа ашьҭахь РПЦ адәныҟатәи аимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы амитрополит Иларион Волоколамтәи иҳәеит Украинатәи аиашахаҵаратә уахәама Киевтәи апатриархат автокефалиа аҭаразы Константинополь иҟанаҵаз аӡбамҭа Аурыс аиашахаҵаратә уахәама ишаднамкыло, аанацҳауеит mk.ru.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений