Ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсадгьыл» аиҳабыреи алахәылацәеи ҳазҭало ашықәс ҿыци Иаса Қьырса аныҳәеи Аҧсны жәлар ирыдырныҳәалоит.
Даҽа шықәсык аҭоурых иазаанхеит.
Иҳаҩсуа ашықәс азы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Қырҭтәыла аҟны иаҳгаз аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәаҳҭеит. Ҳажәлар уи аибашьра ахҟьа-ҧҟьақәа рылҵра уажәгьы ирцәыуадаҩуп. Иреиӷьыз аҵеицәа, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы ҳаҧсҭазаара шьақәҳаргыларц азы рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит. Дара гәҭакыс ирымаз, иқәыҧшу, аха иӷәӷәаӡа зшьапы иқәгылоу аҳәынҭқарра, еиҵагыло аҿар ирзынҳажьырц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп.
2019 ш. рзы аҭакҧхықәра зцу аполитиикатә хҭыс ҳзыҧшуп.
Агәра аагоит ҳауаажәлар рыхдырра шыҳараку шаадырҧшуа, аҳәынҭқарра ахада ҿыц иалхра шеидаҳныҳәало. Уи аҿиареи, аҧхьаҟатәи аҧеиҧш бзиеи рахь ҳкылызго иреиӷьу амҩа ҳақәҵара уалны идлоит.
Акыр иаҧсоу ҳашьцәеи ҳаҳҳәшьцәеи, ҳабдуцәеи ҳандуцәеи, ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи, акыр иаҧсоу аветеранцәа, ишәыдаҳныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса аныҳәеи!
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыҧ, аизҳазыӷьара, шәгәы иҭашәкыз шәусқәа зегьы рынагӡара, агәалаҟазаара бзиа!
2019 шықәса зегьы иреиӷьу шықәсны иҟалааит!
Ҽаанбзиала!
ААЕ «Аҧсадгьыл»