Авторизация:

Аҧсны ибжьаӡыз абизнесмен Иаковлев иҭынхацәа Рамзан Кадыров дрыцхраарц иҳәоит

Аҧсны ибжьаӡыз абизнесмен Иаковлев иҭынхацәа Рамзан Кадыров дрыцхраарц иҳәоит
21 августа 2018 15:37 2859
Аҧсадгьыл-инфо, 21 2018 ш.  

Аҧсны ибжьаӡыз ахолдинг «Полиграфоформление» аиҳабы Максим Иаковлев иашьа Константин Чечентәыла аиҳабы Рамзан Кадыров иахь аҳәара ҟаиҵеит иашьа иҧшаараҿы ацхыраара ирҭарц азы.

Аҧсадгьыл-инфо, август 21 2018 ш. Константин Иаковлев агәра игоит Максим иҧшаараҿы ацхыраара шиоуа азы. Иара иажәақәа рыла, иашьа ихшыҩ ала аҧара ирҳаит.

«Иара олигархк, миллиардерк иаҳасабала ихәаҧшуеит, арахь иҧсҭазаара зегьы ихшыҩ ала аус иуан. Дзыхьчозҵәҟа имаӡмызт», - иҳәоит иашьа.

Убас иазгәеиҭоит ран аҧсра дшаҿу, лыҷкән дылбарц шылҭаху.

Константин дизасхьеит Чечентәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр. Рамзан Кадыров уи идиҵеит ари аус дазҿлымҳахарц, иҳәеит урыстәылатәи ателеканал «360» еиҭаз аинтервиу аҿы Константин Иаковлев.

Убас иара иашьа данырӷьыч ашьҭахь ацәгьауцәа 200 млн мааҭ рҭахуп ҳәа зҳәоз ашәҟәы дазааҭгылеит.

«Уи ақьаад сара исымбац. Исаҳаит џьоукы 200 млн мааҭ рҭахуп ҳәа…ари зегьы уҳәан-сҳәануп», - иҳәоит Константин.

Иара иигәы иаанагоит ацәгьауцәа иашьа иацәажәар, зегьы бзианы еилгар шалшо.

«Дазусҭзаалакгьы, рхы маҷк аус ауазар, уеицәажәар ауеит. Акагьы ззеилкаауа ракәзар, Анцәа инапы иануп», - иҳәоит Константин Иаковлев.

Иун 20 2018 ш. рзы Гәдоуҭа араион апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Николаи-иҧа Иаковлев иӷьычра инамаданы ашьауӷатә ус хацнаркит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений