Ашьапылмпыл асцәа Александр Кокорини Павел Мамаеви ианырыпҟа ашьҭахь еицырдыруа иҟалаз ачынуаа Урыстәыла ахада аҳамҭақәа риҭеит.
Аҧадгьыл-инфо, октиабр 15 2018 ш. Дара рыхьӡқәа арбоуп Аҳәынҭқарра ахада иусҧҟала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа зырҭаз рсиаҿы, аанацҳауеит lenta.ru.
Аусҧҟа ишаҳәоу ала, Аҳәынҭқарратә анаукатә центр «НАМИ» адиректор хада Сергеи Гасини Минпромторг иатәу автопроми аихамҩатә машьынаргылареи рзы адепартамент ахада Денис Паки алкаауп Урыстәыла амашьынақәа рыҟаҵаразы апроект «Иаку амодультә платформа» алыршараҿы рлагала ду азы. Ишдыру еиҧш, «НАМИ» аҿы ауп апрезидент илимузин «Кортеж» апроект ахьыҟарҵаз.
Гаисин ианашьоуп Александр Невски иорден, Пак «Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иџьабаазы» амедаль аҩбатәи аҩаӡара.
Ачынуааи Кокорини Мамаеви злахәыз аибапҟара ҟалеит октиабр 8 рзы Москва акафе «Кофеманиа» аҟны.
Пак ашьапылампыл асцәа рхымҩаҧгашьа игәамҧхан, уи азы дара ианреиҳәа, иара «китаец» ҳәа иарҳәеит, Кокорин днеины ҟәардәла ихы дасит. Пак дицхраарц Гаисин днеит, уигьы ихы иасит. Аҩыџьагьы ахәшәтәырҭа иҭашәеит.
Уи аҽны ашьыжь ашьапылампыл асцәа дрыпҟахьан Актәи аканал амҩаҧгаҩ лмашьынаныҟәцаҩ.
Кокорини Мамаеви ҭаркит октиабр 11 рзы. Дара 7 шықәса рҟынӡа рықәырҵар ауеит.