Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы аилак аҿы иҟоу Агидрометеорологиа аҟәша Аҧсны ианвар 1 инаркны 8-нӡа аҳауа зеиҧшрахо атәы аанацҳауеит.
Ашықәс ҿыц актәи амчыбжь лассы-лассы аҳауақәыӷәӷәареи аҧхарреи рҽеиҭакрақәа ирыхҟьаны аҳауа ҭышәынтәалам.
Ианвар 1 инаркны 4-нӡа анырра ҟарҵалоит Аладатәи аҳауақәыӷәӷәара иаанаго аҳауеиҿагыларақәа. Аҧҭақәа хылалоит, иналаршә-ааларшәны ақәа леиуеит. Ахәаша инаркны уи аҧсахуеит акырӡа ихьшәашәо арктикатәи аҳауеилазаарақәа аазго Аҩада Атлантикатәи аҳауақәыӷәӷәаралаҟәы. Аҧҭақәа хылалаоит, ақәабасабаа, асы леиуеит.
12-17 секунд рыла аҧшаласра ҟалоит. Аҳауақәыӷәӷәара ҭышәынтәалахом.Секундк ала аҧшаласра 2-7 м, инабжьаршәны 12 метр рҟынӡа ҟалар алшоит.
Аҳауаҧхарра уахынла -2+3°С, ҽынла +4+9°С.
Амшынӡы аҟәандара +11+12°С.
Аҳауацәаакыра 70-90%.