Авторизация:

Саида Кәарҷиа лаушьҭра иашам ҳәа ирыҧхьаӡеит

Саида Кәарҷиа лаушьҭра иашам ҳәа ирыҧхьаӡеит
16 ноября 2018 15:00 2534
Аҧсадгьыл-инфо, 16 2018 ш.  

Аусҭҵаара цонаҵы Саида Кәарҷиа доушьҭтәуп ҳәа Аҟәатәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы ааннакылеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 16 2018 ш. Ноиабр 16 2018 шықәса рзы Рауль Ԥачлиа зхадараҿы дыҟаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы акассациатә коллегиа Аҟәатәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵаразы апрокурор инашьҭымҭа иахәаҧшит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә коллегиа азакәан иахьақәымшәо азы Аҟәатәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара ааннакылеит. Аус даҽазнык ари аӡбарҭахь инашьҭуп аӡбаҩцәа даҽаӡәы еилдыргарц. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.

Ноиабр 12 2018 ш. рзы Аҟәатәи аӡбарҭаҿы Саида Кәарҷиа лҭакра иацҵатәуп ҳәа Аҟәа прокурор иҟаиҵаз ажәалагала иахәаҧшуан. Зарина Габеева напхагара зылҭоз аӡбарҭаҿы апрокурор иажәалагала иадымгыларц рыӡбеит. Саида Къар3иа иул 14 2018 ш. рзы хықәкыс иҟаҵаны Аҩӡба Дмитри Иона-иҧа дылшьит ҳәа лыдрыҧхьаӡалоит. (Ашьауӷатә кодекс 99 астатиа – 6 инаркны 12 шықәса аҭакра).

Аӡбаҩ илыдылкылаз аӡбамҭазы илҳәеит аус ҭызҵаауа ацәгьаура ҟазҵаз ҳәа ирыҧхьаӡо доурыжьыр аусҭҵаара дшаҧырхагахо, мамзаргьы ацәгьаура ҟаҵара ишацылҵо, ма лҽылҵәахырц шлылшо зырҵабыргуа аргументқәа шрымамыз. Аӡбамҭаҿы иаҳәоит лара илыдрыҧхьаӡало аус азы лҭакра ацҵара аҭахны ишырмыҧхьаӡо.

Аусҭҵаара мҩаҧызго Саида Кәарҷиа лҭакра ахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит лара дызхысыз апсихолого-психиатриатә експертиза алҵшәеи, убас ишьыз иганахьала аӡбарҭатә-медицинатә експертиза алҵшәеи роуаанӡа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений