Авторизация:

Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра Геннади Гагәылиа иҭаацәа ирыдышшылоит

Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра Геннади Гагәылиа иҭаацәа ирыдышшылоит
9 сентября 2018 13:53 1498
Аҧсадгьыл-инфо, 9 2018 ш.  

Аҧыза-министр Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аҿы дҭахеит сентиабр 8 рҽны.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 9 2018 ш. Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы иҭаацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.

«Ари ахлымӡаах жәабжь Аҧсны иқәынхо зегьы рцәа иҭананрӡыӡеит. Геннади Леонид-иҧа аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь Аҧсны аекономика ашьапы ақәгылараҿы илагала дууп. Аҧсны Актәи ахада Владислав Арӡынба дивагылан. Апрофессионал, аҧсадгьыл апатриот, згәы ҭбааз, ауаҩра злаз уаҩын. Ихьанҭоу ари аамҭазы Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа иҭаацәа ирыхьыз агәаҟра рыцеиҩаҳшоит», - аҳәоит Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений