Аҧсадгьыл-инфо, 29 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, август 29 2018 ш. Август 28 рзы афедералтә трасса А-147 Џьубга – Шәача – Аҧсны аҳәаа рҿы амашьынақәа рныҟәара дырмаҷит. Аӡиас иху ацҳа аремонт ахьыҟарҵо азы, Адлертәи араион аҿы амҩа ҭшәахеит.
Абри атәы аанацҳауеит Коммерсант.
Иазгәаҭоуп аусурақәа рымҩаҧгаразы х-цәаҳәак рҟынтәи акы шарку. Аныҟәара мҩаҧысуеит ҩ-цәаҳәак рыла, еивыганы. Убри аан амҩа аҭбаара еиҵахеит. Аремонттә усурақәа мҩаҧыслоит декабрнӡа.