Авторизация:

Ашәба Лаша Аҵарашықәс ҿыц азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Ашәба Лаша Аҵарашықәс ҿыц азы адныҳәалара ҟаиҵеит
1 сентября 2026 12:47 162
Аҧсадгьыл-инфо, 1 2026 ш.  

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҵарашықәс ҿыц азы адныҳәалара ҟаиҵеит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа!

Цәыббрамза 1 – ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи рзы иҷыдоу ныҳәоуп.

Атәылауаа ҿарацәа ирзыԥшуп аартрақәа, адырра ҿыцқәа, аиҩызара, аинтерес зҵоу ахҭысқәа, дасу иуаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рышьақәгылара ахьымҩаԥысуа иџьашьахәу аамҭа.

Аԥсҭазаара еснагь ауаҩы иднаҵоит иоууа адыррақәа реихаҳара, урҭ нас аԥышәаҿы рхархәара, уи азы иаҭахуп иааиԥмырҟьаӡакәа аҵара. Зхы аус адулара иашьҭоу зегьы хымԥада рыгәҭакқәеи ргәыӷрақәеи нагӡахоит.

Иҭабуп ҳәа расҳәоит ахәыҷқәа рбаҩхатәреи рылшарақәеи раарԥшразы зхы-зыԥсы иамеигӡо арҵаҩцәа, урҭ инарывагыланы зааԥсара рацәоу аҭаацәагьы.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Қәҿиарала шәҭалааит аҵарашықәс ҿыц! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, агәыхәтәыхьӡара».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений