Авторизация:

Крыми Шьамтәылеи ишиашоу амшынтә еимадара аартра иалацәажәеит

Крыми Шьамтәылеи ишиашоу амшынтә еимадара аартра иалацәажәеит
7 сентября 2018 11:23 1477
Аҧсадгьыл-инфо, 7 2018 ш.  

Ареспублика Крыми Шьамтәылеи ишиашоу амшынтә еимадара аартреи, ахәҳахәҭратә ҩнқәа реиҿкаареи ртәы иалацәажәеит.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 7 2018 ш. Абри атәы иҳәеит Крым аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, Урыстәыла ахада иҟны ареспублика ахаҭарнакс иҟоу Георги Мурадов Дамассктәи аиармарка аартра аҽны, сентиабр 6 рзы, аанацҳауеит Россиискаиа газета.

Сынтәатәи Дамассктәи аиармарка зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау иармаркахоит. Уи иалахуп 48 ҳәынҭқарра рҟынтәи акомпаниақәа.

Мурадов иажәақәа рыла, Крыми Шьамтәылеи еицыртәу аӷбарныҟәаратә компаниа аартра азгәаҭоуп. Уи иалшон Крыми Шьамтәылеи рпортқәа рҟынтәи атауар аиҭанагаагара. Аперспективаҿы иарбоуп Аҧснынӡа иаауа апассаџьырцәа рзы акруизтә лаинерқәа рныҟәара.

«Крым шьамтәылаа ирыднагалар алшоит еиуеиҧшым атауарқәа. Ҳара иҳамоуп аелектроинструментқәа рзауад, ашәыгақәа рҭыжьразы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа, убас иҵегьы. Убас ачарыцгьы аӡбахә ҳалацәажәоит», - иҳәеит Георги Мурадов.

Шьамтәылантәи Крымҟа иааргар ауеит ашәырқәа (раҧхьаӡа иргылан, ацитрусқәа), араса, афиникқәа, убас афосфаттә рҵәыгақәа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений