Авторизация:

Асҭамыр Адлеиба иколллегацәа: ахаҵара илан, ламыс иман

Асҭамыр Адлеиба иколллегацәа: ахаҵара илан, ламыс иман
12 августа 2018 14:23 8312
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Леон иорден занашьоу, аҿари, аспорти, акурорти, атуризми рзы министрс ҧаса иҟаз, Аҟәа ақалақь ҧасатәи ахада Асҭамыр Адлеиба. Иара 59 ш. дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.

Аҧсадгьыл-инфо, август 12 2018 ш.  Асҭамыр Адлеиба хаҵак, апатриотк, аҧсуак еиҧш иҧсадгьыли ауаажәлари рҿаҧхьа идыз иуалҧшьа наигӡеит, иҳәеит Аҟәатәи абаталион акомандирс иҟаз, Аҧсны Афырхаҵа Сергеи Матосиан.

“УсҟанҬамука ҳәа заҳҳәоз арҧыс сара дсыздырӡомызт аибашьра иалагаанӡа. Иара, егьырҭ Аҧсны ахьчараз игылаз аҷкәынцәа реиҧш, иааирҧшит афырхаҵара. Асҭамыр Адлеиба иҩызцәа аҷкәынцәа аҧхьа имгылар ауамызт. Аҧсҭазаараҿы ихы ӡыригомызт. Иҟоуп ҧыҭҩык, ҳара иҟаҳҵаз ҳәа иааҟәымҵӡакәа изҳәо, дара ракәмызҭгьы аибашьраҿ аиааира ҟамлошәа ицәажәо, иара урҭ дреиуамызт”, - иҳәоит Матосиан.

Аибашьра ианалага Асҭамыр Адлеиба Киев дыҟан. Ҩымш рышьҭахь Аҧсныҟа даахьан, дрылагылеит зыҧсадгьыл зыхьчоз аҵеицәа. Аҧхьа деибашьуан Мраҭашәаратәи афронт аҿы, октиабр 1992 ш. рзы диасуеит Мрагыларатәи афронт ахь. Маркәылатәи абаталион агәыҧ “Зигзаг” акомандирс дыҟан.

“Аибашьраан иареи сареи ҳаиҩызцәахеит, - игәалаиршәоит Сергеи Матосиан. – Исҳәарц сылшоит, иара иҽиҵәахуамызт, џьоукы ишрыхьуаз еиҧш. Аӡәгьы аҽҧныҳәа исҭарц сҭахӡам, аха аибашьраҿ иҟалоит аӡәы иҧсихика, даҽаӡәы инервқәа анааҧсоз. Аха абри аҷкәын ахаан ихаҿы ашәара анызбааломызт. Иара есымша иҟаиҵоз идыруан, иааигәара зегьы ҭышәынтәалан, зегьы еилкаан. Иара иҩызцәа аиааира шааго азы агәыӷра урҭон. Иҭынчу, иҟазҵо здыруаз Асҭамыр сааигәара даныҟаз, сара, командирк иаҳасабала, зегьы аконтроль сыман”.

Асҭамыр Адлеиба аус ицзухьаз, мамзаргьы ус дыздыруаз иазгәарҭоит иара дшаартыз, имариамыз азҵаарақәа дышраҩымсуаз.

Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еиалкы аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Рафаель Амҧар аминистрс дҟалаанӡагьы Асҭамыр Адлеиба аспортсменцәа ацхыраара шриҭоз атәы иҳәоит.

“Асҭамыр, раҧхьаӡа иргылан, дуаҩ бзиан, иара уадаҩрак иақәшәоз ауаа дрыцхраауан.Сара Ашьапылампылтә федерациаҿы аус анызуаз иара абизнес инапы алакын, ҩынтә-хынтә сиднагалахьан, афедерациагьы ацхыраара аиҭон”, - иҳәоит Амҧар.

Иара иажәақәа рыла, Асҭамыр Адлеиба Аҧсны аибашьра зегьы ихигеит хаҵаҵас.

“Аҟәа ахадас даныҟаз иара иднагалоз, иаҳарак аибашьра аветеранцәа, мамзаргьы ақалақь ала иидыруаз ауаа дрыцхраауан. Имаҷым ари аҭыҧ аҿы илшаз. Иара напхгара зиҭоз апансионат “Аиҭар” акәзар, Аҟәа акәымкәа, Аҧсны зегьы иреиӷьу аобиектны иҟан. Ҳара уаҟа изныкымкәа аспортсменцәа ҩнаҳҵон, иара есымша дҳацхраауан, иахьынӡауаз аҧара маҷны иаҳиршәон. - иҳәоит Рафаель Амҧар. – Сара Асҭамыр Адлеиба иҧсра даара ихьанҭаны исыдыскылеит, убас аспорткомитет аҿы аус ицызуаз. Ицәыӡ дууп иҩызцәа рзы”.

Ауаажәларратә еиҿкаара “Аҳәса аполитикаҿы” ахантәаҩы Ирина Агрба Асҭамыр Адлеиба Аҟәа ақалақь данеиҳабыз аџьармыкьаҿ иҟаз аконфликт аилыргараан ихы шымҩаҧигоз лгәалалыршәеит.

“Усҟан сара Аҧсуа телехәаҧшраҿы адырраҭара “Аргама” мҩаҧызгон. Аџьармыкьа хадаҿынтә амаҭәақәа зҭиуаз Сухумприбор ахь ииасыр ауп ҳәа ақәҵара анрыдыркыла, аиҳарак уи иақәшаҳаҭымхеит, амитингқәа ҟалеит. Убри аамҭазы Асҭамыр Адлеиба ихы мҩаҧигеит уаҩык иаҳасабала, хаҵаҵас. Аҭыҧ ҿыц ахь аиасра зҭахымыз игәаанагара реиҳәон, дырзыӡыҩруан. Ҳара аефир ахь аганқәа зегьы ааҳаҧхьон. Иара днеит. Ажурналистцәа ихы рцәиҵәахӡомызт, иаартны далацәажәон апроблема. Убри аганахьала, иара ачынуаа дреиҧшымызт”, - лҳәоит Ирина Агрба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений