Авторизация:

Ҳаџьымба: «Интернет агәам ахькарыжьуа еиҧшхеит, иаҳаракгьы Феисбук»

Ҳаџьымба: «Интернет агәам ахькарыжьуа еиҧшхеит, иаҳаракгьы Феисбук»
31 августа 2018 17:52 3383
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2018 ш.  

Убри аан Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит ихаҭа Феисбук дышҭам.

Аҧсадгьыл-инфо, август 31 2018 ш. Рауль Ҳаџьымба «анегатив ҟазшьа змоу, аӡәгьы абзиара изыҟазымҵо» ҳәа дахәаҧшуеит украинатәи ахакерцәа иҧырҽыз Владислав Сурков иҧочта иҭаз ашәҟәқәа интернет аҿы ауаа рылаҵара атәы дазааҭгыло, аанацҳауеит «Абхазиа-Информ».

«Интернет агәам ахькарыжьуа еиҧшхеит, иаҳаракгьы Феисбук. Аус змам зегьы араҟа ирҩуеит рхы иааҭашәо, дара-дара рцәа еибахыхуеит. Сара сҭалаӡом ари асоциалтә ҳа, аха исаҳауеит ирыҩуа атәы. Ҳара уаҟа ус иҳахцәажәозар, уаҳа аргумент рымамзар, уи иаанаго, ҳара иҟаҳҵо ак иашазаап ауп», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҧсны иадҳәалоу аматериалқәа рцәырҵра шәышҧазыҟоу ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, иара иҳәеит: «Украинатәи ахакерцәа иҧырҽыз абаза акәзар, уи аматериалқәа ыҟоуижьҭеи акыр ҵуеит».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений