Аҧсадгьыл-инфо, 5 2018 ш.
Анхарҭа алхразы асервис Tvil.ru алкаа ҟанаҵеит Аҧсны акурортқәа рахьынтә Гагра зегь реиҳа ауаа шаҭааз.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 4 2018 ш. Акурорт қалақь Гагра Аҧснытәи акурортқәа зегь раасҭаа ауаа аҭааит сынтәа аҧхын, аанацҳауеит Tvil.ru.
Гагра, Цандрыҧшь, Аҟәа, Афон Ҿыц, Пицунда иреиӷьу хә-курортк рхыҧхьаӡараҿ иҟалеит 2018-тәи акурортә сезон азы. Зегь реиҳа анхарҭа ҭыҧ арендала агаразы ахә мариан Гагра араион Цандрыҧшь аҳаблаҿы. Уаҟа1600 мааҭ уахыки-ҽнаки ирызтәон, зегь реиҳа ахә цәгьан Пицунда (уахыки-ҽнаки 3000 мааҭ).
Ареитинг шьақәыргылан иун 1 инаркны август 31-нӡа ахатәы сектор анхарҭақәа рҿы иҟарҵоз аброн ала.