Авторизация:

Приднестровие иҟоу Аҧсны ахаҭарнакраҿы иаартын афотоцәыргақәҵа

Приднестровие иҟоу Аҧсны ахаҭарнакраҿы иаартын афотоцәыргақәҵа
14 августа 2018 17:28 2212
Аҧсадгьыл-инфо, 14 2018 ш.  

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 26 шықәса аҵра иазкыз «Дара рыҧсадгьыл рыхьчон» захьӡыз афотоцәыргақәҵа аартын Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнакраҿы.

Аҧсадгьыл-инфо, август 14 2018 ш. Ари ацәыргақәҵа даҽазнык иугәаланаршәоит 26 шықәса раҧхьа иҟаз ахҭысқәа, абџьар шьҭыхны Аҧсны зыхьчоз ауаа.

«Август 14 1992 ш. рзы Аҧсны инхоз рзы аамҭа иаразнак аҽаҧсахит – ари аҽны иалагеит Аҧсны жәлар рџьыньтәылатә еибашьра. Ацәыргақәҵаҿы иубоит зыҧсадгьыл, зҭаацәа рыхьчара ада даҽа мҩак алзымхыз ауаа рсахьақәа. Ауадаҩрақәа рыхганы, зықьҩыла ауаа рыҧсы ахҭынҵаны Аҧсны иаиоуит ахақәиҭра», - ҳәа аанацҳауеит Аҧсны ахаҭарнакра асаит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений