Авторизация:

Борис Барцыц: «Иҭабуп, Ельбрус, сахьудукылаз!»

Борис Барцыц: «Иҭабуп, Ельбрус, сахьудукылаз!»
29 августа 2018 19:07 2533
Аҧсадгьыл-инфо, 29 2018 ш.  

«Sport Apsny» аклуб аиҳабы, «А-Мобаил» адиректор хада Борис Барцыц Ельбрус ашьха ихалара Урыстәыла Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 10 шықәса ахыҵра иазикит.

Аҧсадгьыл-инфо, август 29 2018 ш.  Борис Барцыц ашьха ихалара шымҩаҧысуаз асоциалтә ҳақәа рҿы дазааҭгылеит. Иҩызцәа ақәҿиарақәа изеиӷьаршьон, ашьха ихалара иазҿлымҳан.

Иара иҩуеит хымш акклиматизациа аҽазыҟаҵара ишагаз.

«Акклиматизациа ҳахысит ибзианы, 3100 метрак аҳаракыраҿы ҳаҧхьеит, нас 3700 метра рҿы. Ашьхатә чмазара макьана исыдызбалом. Сыцәа ҭынчуп, сыкрыфара бзиоуп. Ҳахәаҧшып, аҧхьаҟа ишыҟало», - иҩуан иара.

Нас, излаиҳәо ала, ахәбатәи амш зегьы реиҳа ихадан, иагьыцәгьан.

«Терскол аҟынтәи ахалага ала ҳхалеит 3850 метра рҟынӡа. Нас шьапыла 4250 метра ҳнеит, алагергьы ҟаҳҵеит. Шьыбжьхьа афара ашьҭахь – итрадициатәиу акклиматизациа ахысра, 300 метра иҵегьы ахаларала. 4600 метра рҟны сара еилыскааит ашьха чымазара захьӡыз. Сшыҟалаз атәы араҟа исҳәом, аха соунашьҭит алагер ахь ҳанылбаа. Сгәы иаанагоит, сааҧсара сыхьӡеит ҳәа, насгьы мышкала 2200 метра инадыркны 4600 метра ҳахьхалаз. Аха уи аҭагылазаашьаҿы абзиарақәагьы ыҟоуп. Ас иахьа сахьыҟалаз еиҳа еиӷьуп, Ельбрус ҳаннеиуа аҽны ашьха сҧырхагахар аасҭа», - иазгәеиҭеит Борис Барцыц.

Афбатәи амш аҽны 4800 метра ҳаҩаӡеит, абжьбатәи амш аҽны Ельбрус «аштурм» ҳҽазаҳшәеит. Ҳдәықәлеит 4250 метра рыла.

«Пастухов ишьхақәа ҳархысит. Ҳцон ҳааҭгыло. Ҳнеит аҳаракыра 5642 рҟны! Уа сцәаныррақәа аиеифориа иаҩызоуп. Иаахтны исҳәоит, аҵыхәтәантәи 300 метра даара исцәыцәгьан. Иҭабуп, Ельбрус, сахьудукылаз! Иҭабуп исыцхраауаз, ашьха ҳхалара иазҿлымҳаз зегьы», - иҩуеит Борис Барцыц.

Иара иазгәеиҭеит ауаа ажәа анруҭа, ишынагӡатәу.

«Асоциалтә ҳақәа рҿы сҩызцәа ирасҳәеит Ельбрус сышхало азы. Ауаа ишраҳауа ианыуҳәалак, уажәа нагӡатәуп. Аӡгьы иасымҳәазҭгьы, сгьежьыр ауан. Ихадоу – ақәҿиара шузыҧшу уазхәыцлароуп, усҟан адунеи зегьы уара иуцхраауеит», - иҳәоит Борис Барцыц.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений