Авторизация:

Беслан Емырхәба: Тҟәарчалаа, ҳалызхыз, ҳалзымхызгьы, аҳәара ҟарҵоит еиҭакрақәак ҳзалагозар ҳәа

Беслан Емырхәба:  Тҟәарчалаа, ҳалызхыз, ҳалзымхызгьы, аҳәара ҟарҵоит еиҭакрақәак ҳзалагозар ҳәа
фото: Парламент РА
22 июля 2024 09:58 620
Апсадгьыл-инфо, 22 июля 2024 г.  

Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Беслан Емырхәба Аҧсны ахада иусбарҭаҿы имҩаҧысыз аилацәажәараҿы игәаанагара иҳәеит апартаменткәа рыргылара азы.


«Очамчыра, Гал Тҟәарчал алкааны изаҟаҳҵои? 2014 ш. мшаԥымзазы аиԥылара ҳаман, Александр Анқәаб ахадас дыҟан усҟан, ҳара аҿар убасҟан аҳәара ҳалагахьан ҳҭагылазаашьа шыбааԥсу. Тҟәарчал ауааԥсыра алҵны ацара иаҿуп. Иахьа уа унымхозар, уа уҟамзар иузеилкааӡом иҟоу аҭагылазаашьа. Ҳара убасҟан амчраҟны иҟаз ирылаҳгалар ҳҭахын Тҟәарчал аҩныҵҟа ауадақәа рыҭира, избанзар ауааԥсыра маҷхо иалагеит. Аусура ахьыҟам, анхара ахьыҟам, абна ахыҵәаны иахьыҟоу - ари қалакьӡам. Ари аҭагылазаашьа анцәырҵыз иахьакәӡам. Ҳара усҟан ажәалагалақәа ҟаҳҵеит, асаркьа ҭзыжьуа, аԥаҭлыкақәа ҭзыжьуа азауадқәа рыргыларазы. Убасҟан ҳалагахьан агәҭыха аҳәара. Ауаа рыҩны иҟазар рҭахуп. Ҳхәыҷқәа ҳааӡозар, ҳџьынџь уа иҟазар, ҳҳаҭгәынқәа уа иҟазар, ҳара уа ҳанхарц ҳҭахуп. Сара Тҟәарчал салҵны сцар сҭахӡам. Убас иҟалеит, Гагра сцаны аусура салагеит. Сара Аԥсны зегьы бзиа избоит. Џьоукы араионқәа еилыхны рылацәажәара иалагеит. Ари ԥхашьароуп! Ҳара ҳазламаҷу ала, қалақьла ҳаҽшаны, ҳаилибахуа ҳалагар, ԥеиԥш ҳауӡом!» - иҳәеит Емырхәба.

«Ҳара ажәалагала ҟаҳҵар ҳҭахын, аилацәажәара ҳаман, Апарламент 6-тәи ааԥхьара аныҟаз ақалақь аҟны атәым ҳәынҭқарраҟнытә иаауа ауада аахәаны дыҩналаразы азин иаҳҭарц. Иахьа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Атәым ҳәынҭқарраҟнытә ауаҩы ауада аахәара азин иҭара сақәшаҳаҭӡам саргьы. Иҟаз аҭагылазаашьа иаҳнарҳәеит ари усҟан. Тҟәарчал ари аԥырхагахаӡом. Процентк акәзаргьы, ҩ-процентк акәзаргьы – ҳара ҳзы ари еиҳау ус ыҟаӡам. Џьара акы алаҳаламгалар, ауаа ааҳамгар, изаҳҭахыи ҳазҿу зегьы. Тҟәарчал ииз зегьы алҵны атәым ҳәынҭқаррақәа рахь, Урыстәылаҟа ицозар, ҳара уа иҟаҳҵои?» - иҳәоит адепутат.


Иара иазгәеиҭеит Ткәарчал аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа аҭаауа ишалагаз: «Уи ус имарианы иҟамлаӡеит. Аҷқәынцәа аџьабаа рацәаны иадырбалеит ари аус. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, Аслан Гьаргь-иԥа, шәыбзоурала иҟаҵоуп амҩа. Иахьа иарбанзаалак усура хәыҷык мҩаԥгазар, уи ақалақь ианыԥшуеит. Убри аҟнытә аҳәара ҳамоуп, ҳколлегацәагьы ираҳар сҭахуп, издыруагьы ыҟоуп имаҷҩымкәа, ари аҭагылазаашьа Тҟәарчал иамыхәозар, иаԥырхагахоит ҳәа избаӡом. Сара Тҟәарчалынтә аӡәы дасны исаимҳәаӡац, абри Тҟәарчал иаԥырхоуп, уадымгылан ҳәа. Сара исаҳауа даҽакуп: акрышәзыҟаҵозар, ауаа ааиуа ишәзыҟаҵозар ҳәа аҳәара ҟарҵоит».

«Иҟоу аҭагылазаашьа ҳаԥсахроуп. Ҳарҭ ҳзалырхыз, ҳрыцхраарцоуп. Иара Гал араион атәы уҳәозар, 70-нызқьҩык ауаа ахьынхоз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рыҟнытә 25-30 нызқьҩык алҵны ицахьеит. Тҟәарчалаа, ҳалызхыз, ҳалзымхызгьы аҳәара ҟарҵоит еиҭакрақәак ҳзалагозар ҳәа, ҳазегьы ҳҳәоу еиқәыршәаны ҳзалагозар ҳәа ари аус. Аҭоурых аҟынгьы ажәлар иҭабуп ҳәа ҳарҳәоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҵыхәтәан, Аԥсны, Тҟәарчал, Гал, Очамчыра иаԥырхагоу ҳбар, ажәа шәаҳҭоит ақалақь ахадарагьы, ҳаргьы абра ҳааины ишәаҳҳәоит, ари ҳԥырхагахеит, амыждара ҳзыҟанаҵеит ҳәа, иаанаҳкылап ҳәа аҳәара ҟаҳҵоит. Уигьы ҳалшоит. Ҳара ҳгәыӷуеит уаҵәы аԥсҭазаара аҽаԥсахуеит ҳәа, ԥхьаҟа ҳцоит ҳәа. Згәы казыжьыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Тҟәарчалаа ргәыжәлагьы цәгьоуп, агәаӷьрагьы рылоуп, ачҳарагьы, аламысгьы рымоуп. Ирҭаху – адунеи зегьы аҟнеиԥш, ҳаргьы ԥсҭазаарак ҳбандаз ҳәа ауп», - азгәеиҭеит Беслан Емырхәба.

БЕСЛАН ЕМЫРХӘБА: ТҞӘАРЧАЛАА, ҲАЛЫЗХЫЗ, ҲАЛЗЫМХЫЗГЬЫ, АҲӘАРА ҞАРҴОИТ ЕИҬАКРАҚӘАК ҲЗАЛАГОЗАР ҲӘА

БЕСЛАН ЕМЫРХӘБА: ТҞӘАРЧАЛАА, ҲАЛЫЗХЫЗ, ҲАЛЗЫМХЫЗГЬЫ, АҲӘАРА ҞАРҴОИТ ЕИҬАКРАҚӘАК ҲЗАЛАГОЗАР ҲӘА

Опубликовано Аҧсадгьыл/Апсадгьыл/Apsadgil Понедельник, 22 июля 2024 г.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений