Апсадгьыл-инфо, 21 мая 2026 г.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба амҳаџьыраа ргәалашәара амш иазкны ааҧхьара ҟаиҵеит.
Уаҟа иаҳәоит: «Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь раасҭа илахьеиқәҵагоу амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыҧсадгьыл иахыгаз ҳауаажәлар. Иагьа аамҭа рацәа царгьы амҳаџьырра аҧсуаа иаҳнаҭаз ахьаа хҽышьа амам.
Еснагь ргәалашәара ҳацзароуп Рыҧсадгьыл ишазхьаауаз атәым дгьыл аҿы зызқәа ҭыҧ ылызхыз ҳџьынџьуаа. Урҭ рыдгьыл ахь ирымаз абзиабара амч иабзоураны абиҧарақәа рхылҵшьҭрақәа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааргоит Аҧсны агәбылра, ҳбызшәа, ҳҵасқәа.
Иахьа, агәалашәара амш аҽны адунеи егьырҭ атәылақәа жәпакы рҿы нхо ҳџьынџьуаа рахь схы нарханы ааҧхьара ҟасҵарц сҭахуп.
Ҳара зегьы иаҳдыруазароуп - ҳахьыҟазаалак аҧсуаа Ҧсадгьылс иҳамоу Аҧсноуп. Уи зегь ҳахшыҩ, ҳажәҩа еибыҭаны иҳахьчалароуп, ҧхьаҟа иаҳгалароуп. Ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра- ҳажәлар рзы баагәароуп, уи ауп алшара ҳазҭо ҳмилаҭ рыхьчаразы, ҳбызшәеи, ҳдоуҳатә культуреи реиқәырхаразы.
Ҳара иаҳуалуп аҭоурых амыҟәмабарақәа ирыхҟьаны зыҧсадгьы аанзыжьыз ргәалашәара амырӡра, ҧхьаҟатәи абиҧарақәа рызнагара.
Уаҳа иҟамлароуп ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа ҳаҧсадгьыл аҭоурых аҿы.
Ҳажәлар Анцәа ду илаҧш рхызааит наунагӡа!»