Авторизация:

Бадра Гәынба Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа имшира идиныҳәалеит

Бадра Гәынба Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа имшира идиныҳәалеит
15 марта 2025 11:26 543
Апсадгьыл-инфо, 15 марта 2025 г.  

Аҧсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа!

Аҧсуа жәлар насыҧс ирыман амилаҭ-хақәиҭратә қәҧареи асахьаркыратә литература арҿиареи рус аҟны аҧхьагылаҩцәа ируаӡәку - Алықьса Гогәуа еиԥш иҟоу аҧсуа етнокультуратә ҭоурых аҿы ишьақәгылаз, анаҩс адунеизегьтәи алитература зҭынха лаша алазгалаз арҿиаҩ ду, ауаажәларратә усзуҩы дахьрылиааз.

Акыр иаҧсоу Алықьса Ноча-иҧа! Ҳажәлар рлахьынҵеи рҧеиҧши еснагь гәыҵхас измаз, уи азы хамеигӡара зуаз ахатәрақәа рыгәҭаны, Аҧсны аҭоурых ианҩылоуп шәыхьӡ-шәыҧша ҳаракы. Ҳажәлар рзы уи гәеизҳароуп, гәадуроуп, иагьхьӡырҳагоуп.

Шәира амш аҽны, ҷыдала ишәзеиӷьаҳшьарц ҳҭахуп агәамч, ақәранҵыра наӡа, арҿиаратә гәазыҳәара.

Ҳгәыӷуеит есааира адунеи иалаҵәо шәаԥҵамҭа шьахәқәа ирыбзоураны аԥсуа милаҭ ԥсра-ӡра ақәымкәа, егьырҭ ажәларқәа ирылагылазаауеит ҳәа!

Ҽаанҧшӡала шәнеилааит!»



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений