Ианар жәаха ауха Гәынаа рҭаацәара Аҷандара ақыҭан рхәышҭаараҿы иаҧылоит ари аныҳәа. Аишьцәа Адгәыри Адамыри раб иику ацәашьы иаҵагылоуп. Аҭаацәа реиҳабы Толик Гәынба иажәақәа рыла, хаҭалара иара изы ари арыцхә аҵакы ӷәӷәа амоуп.
«Схәыҷы аахыс ҳаҩны Ажьырныҳәа азгәаҳҭон. Усҟан еиҧш иахьагьы ҳабацәа рныҳәаратә традициақәа мырӡӡакәа еихаҳауа иахьагьы иааҳгоит. Аныҳәа ауха заанаҵы иаҳшьуеит ацәашьы иаҵагылоу ахацәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа. Аҧшәмаҧҳәыс илкәаҳауеит акәакәарқәеи ачашәи, ацәа цқьа иалхны иҟаҳҵоит аныҳәатә цәашьқәа. Асааҭ жәаба рзеиҧш хәыҷи дуи ҳаилагыланы аҭаацәа зегьы ҳныҳәоит. Ацәашьы зку сара соуп. Сныҳәараҿы Ҳаиҳа зымчу сиҳәоит иҳанаишьарц аизҳа-зыӷьара, ҳазҿу ҳусқәа зегьы маншәалахарц, абзиа ҳҧеиҧшзарц, ҳныхақәа рылҧха ҳамзарц, Аҧсни аҧсуааи ахаан еиҟәыҭхара рымамзарц, ҳажәлар рзы аҧсҭазаара бзиа ҟаларц азы», - иҳәоит Толик Гәынба.
Иара иазгәаиҭоит аныҳәаҿа заа дшазымхәыцуа.
Ацәашьы кны агәаҵәа ахныҳәара уаналаго уцәеи ужьи еишьылӡа еимаздо мчык анырра унаҭоит, иуҳәо зегьы угәы аҟынтәи иааиуа ажәақәа роуп ҳәа нациҵоит иара.
Аныҳәара аҵагылара азин змоу абшьҭрак иатәу рымацара роуп, даҽа жьирак иаҵагылоу, мамзаргьы даҽа жәлак зху уахь рнеира ҟалаӡом. Иара убасгьы ажьырныҳәа ауха иҟарҵоит «Ачбеи-Чачбеи» зыхьӡу аритуал. Уи аҭоурых ажәытәра иаларсуп. Уажәшьҭа иҟамзаргы ҟалап ииашаны иахьынтәиауа згәалашәо.
«Сара иҟасҵоит сабацәа ишысдырбаз еиҧш. Ачашәи акәакәари, агәи агәаҵәақәеи еидкыланы снапы инанҵаны аҩы ақәҭәаны еиласҵоит. Уи иаанаго ацәгьа ҳзааумган, зылаҧш цәгьоу илаҧш иара изынхааит, ҳара аманшәалара ҳзыҧшызааит ҳәа ауп»,- иҳәоит Толик Гәынба.
Иара убасгьы ахатәы кәамаҵамақәа амоуп Ажьырныҳәа аҩбатәи амш аҧыларагьы.
Шьыжьымҭан шаанӡа аҧшәма аиҳабы арасамахә хыиҵәоит, уи ашәшь надикылоит, насгьы сынтәатәи аҽаҩра иатәу аџьықәреи рыцқәа ҿирпуеит. Арыцқәа аҩны иҩнаиҧсоит, убри аан ашәшьи арасеи рымахәқәа инапаҿы икуп. Даҽазныкгьы аҭаацәа иныҳәоит. Анаҩс иныҳәо арахә рҭакырҭахьы дцоит, уаҟагьы аныҳәаҧхьаӡ иҳәоит, иику амахәқәагьы уаҟа инавҵаиркьакьоит. Иҧхьаӡоуп иашаны зегьы ҟазҵаз ашықәс зегьы аманшәалареи аизҳазыӷьареи изыҧшуп ҳәа.
Елана Лашәриаҧҳа