Авторизация:

Аслан Бжьаниа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

Аслан Бжьаниа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит
афото: Repatriation Repatriation/Facebook
30 ноября 2022 19:30 400
Апсадгьыл-инфо, 30 ноября 2022 г.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:
«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит акыр иаҳзаԥсаз абырг бзиа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҳалаҩыз ажәабжь.
Аԥсни Ҭырқәтәылеи реимадара аус аҟны зылшамҭа рацәоу, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьаз Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дуӡӡоуп аԥсуа уаажәларра зегьы ҳзы.
Аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак, ҳбызшәа, ҳҵас, ҳқьабз еиқәырханы иаазгоз ируаӡәкыз, атәым дгьыл аҟны ҳмилаҭ ахаҿра аиқәырхара иашьҭаз Е.Аҭеиба инапы злакыз аусқәа анагӡара роуааит!
Иԥсы ҭынчзааит, џьанаҭ гыларҭас иоуааит Ердынџь Аҭеиба».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений