Авторизация:

Анзор Мықәба Рауль Ҳаџьымба иахь: «Ҳаҭырла, ҧшьаала уца»

Анзор Мықәба Рауль Ҳаџьымба иахь: «Ҳаҭырла, ҧшьаала уца»
8 сентября 2018 14:55 2984
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2018 ш.  

Абри аҩыза агәаанагара иҳәеит ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба АП «Амцахараҿы» имҩаҧысыз аполитикатә партиақәеи ахеидкылақәеи реидгыла анапхгаҩы Аслан Бжьаниеи ашәҟәыҩҩцәеи реиҧылараҿы, аанацҳауеит амедиа-клуб «Аҧсны иахьа». 

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 8 2018 ш. Ҳара ҳинтеллигент, иаҳҳәап, ашәҟәыҩҩы иакәзаргьы, ииулак сыҧсы еиқәхандаз ҳәа, хыџьара, азакәан инахыганы, аус иуеит, дамырхырҳәагьы дшәоит. Абранӡа инаҳцеит ауаа, иҳәеит Анзор Мықәба аиҧылараҿы.

«Ихы дақәиҭзароуп ауаҩы, иажәа аныӷәӷәо, акы аниҳәо аҵакгьы анамоу», - азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы.

Иара иҳәеит иахьатәи Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи аан аҳәынҭқарра ахадарахь сцоит ҳәа даналага, Аҧсны ҽеи шыҟамло.

«Сгәаанагара ауп исҳәо, даҽа хәышықәса абри ауаҩ даныҟала, иахьа ҳазлаҧшуа аҵкьыс жәантә еицәаны ҳҟалоит. Иара икомандагьы, ма ирзеилкаауам, ма рыҧсыцәгьара иауам. ус иамхрагьы даарагьы имариаӡам. Абни идгыло ҳәа шәызҿу баша дырҭахны акәӡам, убарҭ зегьы амал аимҵәарагьы ыҟоуп, аҟәрышьгьы ыҟоуп. Абарҭ зегьы еицуп. Ирҿырхуеит, ари даныҟамла, убри рдыруеит. Ари даара иӷәӷәоу мчуп» - иҳәоит Анзор Мықәба.

Ашәҟәыҩҩы игәаанагарала, ахада иаҳәатәуп, ажәлар рҧеиҧш хьаас имазар, ҳаҭырла дцарц.

«Жәашықәса уҵыркьакьаны анеира уҭахын, уаннеиуаз узызхәыцуази? Баба, иаҳәатәу абри ауп, уаргы уцәа ҧаҳҽыр ҳҭахым, жәаҳәлар, аҧсуаа, абас еиҭа акы иалагеит рҳәо иаҳҭахым, ҳажәлар уҭахызар, ҳҧеиҧш уҭахызар, ҳгәаангара убас иҟоуп, гәыҧҩык ракәым, ажәлар рҿы уаҳаҭыр лаҟәит, уаҳаҭыр ишыҟаз иацнамҵаӡеит. Ак ҟаумҵакәагьы уҟаӡам, аха, уаргьы ажәлар уреиуоуп, ҳаҭырла, ҧшьаала уца», - иҳәеит Анзор Мықәба.

Афото: «Аҧсны иахьа».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений