Авторизация:

Алхас Кәыҵниа: зхаҿы зыхшыҩ ыҟоу дазхәыцроуп амилаҭ раҧхьагылара, аҳәынҭқарра аныҟәгара закәу

Алхас Кәыҵниа: зхаҿы зыхшыҩ ыҟоу дазхәыцроуп амилаҭ раҧхьагылара, аҳәынҭқарра аныҟәгара закәу
афото: амедиа-клуб "Апсны.иахьа"
2 августа 2019 19:16 847
Апсадгьыл-инфо, 2 августа 2019 г.  

Аҧсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа иахьа иқыҭа гәакьа Аҭара дыҟан. Иқәгылараҿы иазгәеиҭеит иара аҳәынҭқарра ахадарахьы ихы ықәиргылоит ҳәа игәы ишҭамыз, аха Аслан Бжьаниа изыруз ашьҭахь, апартиа «Амцахара» иалоу иҟарҵаз ажәалагала дшақәшаҳаҭхаз.


«Мап сымкӡеит, аха даҽаганкахьала уазхәыцуазар, ари иаанаго, иара аҳаракыра, иара ахьанҭара, ари зегьы ауаҩы зхаҿы зыхшыҩ ыҟоу уи дазхәыцроуп, амилаҭ раҧхьагылара закәу, аҳәынҭқарра аныҟәгара закәу. Сара Анцәа сиҳәоит, шәара шәысмырҧхашьааит, сқыҭа сызлыҵыз зегь раҧхьа инаргылан», – иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Иара иқыҭауаа дыдирдырит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩрахь акандидатс ивагылоу аинрал Сергеи Дбар иҧа Дмитри Дбар.

«Иаби сареи аџьабаа даара еидаҳбалагхьан. «Амцахара» ахаҭа еиҿызкаазгьы, напхгара азызуазгьы Сергеи Дбар иакәын. Ауаҩы ҧсыцқьа ҳәа ззырҳәоз, гәык-ҧсыкала Аҧсни ауаажәлари ирзыҟаз иакәын», - азгәеиҭеит Алхас Кәыҵниа.

Алхас Кәыҵниа иҳәеит акомандаҿы ирыдыркыло ауаа даара ишрыцклаҧшуа, аҳәынҭқарраҿы аиҭакрақәа ҟаларц гәыкала изҭаху ауаа еидыркыларц шырҭаху.


«Ицқьоу ауаа, ҵарҭышагаҩцәамкәа, Аҧсны ҽыҧныҳәа змам, зус здыруа, зус гәацҧыҳәарыла иазнеиуа ауаа рыла ҳкоманда аиқәыршәара ҳҭахуп», – иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Аҧсны ахадарахы акандидат иҳәеит иахьатәи аҭагылазаашьа иара иаасҭа ақыҭауаа ибзиан ишырдыруа, дара еиҳагьы ишырныҧшуа.

«Сара саҵкьыс иахьа иҟоу аҭагылазаашьа шәара шәыхгара шәаҿуп. Иаҳа иӷәӷәаны ижәбахьеит, ишәаҳахьеит, избанзар, есҽны шәалагылоуп убри аџьабаа. Ари ириашатәу усуп, сара сгәаанагарала. Шьҭа 30 ш. ҵырц акагьы ҳагым аибашьра ашьҭахь, хәыҷык ҳаиӷьзар акәын, хәыҷык акәымкәа, аӷьырак ҳаиӷьзар акәын. Аха ас ишьақәҟәеит, аҳәынҭқарра иазымхәыцӡакәа, аӡә даҳҭахым ҳәа иқәҧаны, асаркьа ҧҽны иҩналаз ҟалеит, идәылҵыз ҟалеит. Ари зегьы еиҿурҧшыр, ари аамҭа Аҧсны иацәнагеит ирацәаӡаны. Ҳара аизҳара ахаҭыҧан аҩныҵҟатәи аусқәа аамҭа рацәаны иаҳцәыргеит. Убри зегьы ҳааҟәыҵны, аӡәк еиҧш ҳнапқәа неидкыланы, зегьы ҳаивагылан, аџьабаа баны, ҳаҧсадгьыл азы аибашьраан ҳшыҟаз еиҧш ҳҟамлар, Аҧсны аҳәынҭқарра ахаҭа ҳампыҵаӡуеит ишнеиуа», - азгәеиҭеит Алхас Кәыҵниа.

афото: "Апсны.иахьа"
афото: "Апсны.иахьа"

Иара иҳәеит иахьазы зегь реиҳа аҧсуара, ҳҵас, ҳқьабз ахьынтәаауа ақыҭақәа зынӡа ишгәыгәҭажьу, урҭ ахылаҧшра ӷәӷәа шырҭаху. Аҳәынҭқарра аҧсуааи егьырҭ амилаҭқәеи рнапы еидкылан иаҵамгылар, ҳазҿу, ҳазлацәажәо зегь шбашахо ҳаҧхьаҟа.


«Ақыҭа анхаҩы иахьа ҳаимыцхраар, ҳазҿу зегьы башоуп, аҳәынҭқарра аекономика ҳәа ҳазлацәажәо башоуп. Абра ауп иахьышьҭыхтәу аекономикагьы, аҧсуарагьы. Аҧсуа ақыҭан ауп иахьалагатәу, - иҳәеит Алхас Кәыҵниа. - Адгылара анхаҩы иҟынтәи иҳаур ҳҭахуп зегь раҧхьа инаргылан. Убри ауп ҳара ҳзыҳәан иаҳа аҵакы змоу. Анхацәа рҟынтәи агәрагара анҳаулак, ҳаргьы аҭакҧхықәра ҩынтәны иаҳа ҳхы иадаҳҵоит, шәара шәҿаҧхьа, зегьы рҿаҧхьа. Анхацәа рџьабаа ҳарҧхашьарым ҳәа сгәы иаанагоит».

Иара иҳәеит ажәлар рыгәрагара роур, рхы иамеигӡа аус нап шадыркыло.

«Сара хаҭала шәара шәыпату қәҵашьа анцәа сақәиршәааит, шәысмырҧхашьааит Аҧсны жәлар рҿаҧхьа», - иҳәеит Алхас Кәыҵниа аиҧылара хыркәшо.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений