Аҧыза-министр аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа мҩаҧган гәдоуҭатәи Акультура аҩны аҟны. Сентиабр 12 Аҧсны алахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәан.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 12 2018 ш. Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа иҭахара – харҭәаашьа змам цәыӡуп ҳмилаҭ зегьы рзы, иҳәеит атрауртә церемониаҿы иқәгылаз Аҧсны ахада.
«Геннади Гагәылиа дыруаӡәкуп ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ароль ду аанызкыло аҳәынҭқарратә усзуҩцәа. Иара дреиуоуп аибашьраан, ҳажәлар ақырҭуа агрессиа ианаҿагылаз, ҳреспублика атәылахьчаратә мчхара зырҕәҕәоз, бџьарла, џьаҧҳаныла, фатәыла-жәтәыла ҳархәҭақәа реиқәыршәара иашьҭаз, уи азын аекономикатә лшара ҷыдақәа зыҧшаауаз атыл аиҿкааҩцәа дуқәа. Хьыӡла-ҧшала иара инаигӡахьан ҳкомандаҟаҵаҩ хада, ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба хаҭалатәи идҵақәа жәпакы. Иахьаҭахыз Геннади Леонид-иҧа декономистын, ддипломатын, дполитикын. Иара дзызкыз иарбан усзаалакь аҿы еилыхха иааирҧшуан абаҩхатәра, аҭакҧхықәра, аҧсҭазааратә ҧышәа ду», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Алада Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботариов иҳәеит иҧсҭазаара дшалҵыз Аҧсны зызгәдууз, иҟәыӷаз ауаҩы.
«Иара дызҿыз усзаалакгьы аҭакҧхықәра ду ихы иадиҵон. Иара дзыҿцәажәоз ииҳәарц ииҭахыз иаармарианы рызнагара илшон. Иацы, арахь амҩа сықәлаанӡа исоуит Геннадии Леонид-иҧа исзыиҩыз ашәҟәы. Уаҟа аҳәынҭқарра комплексла аҿиаразы иҟаҵатәу зегьы арбоуп. Аҵыхәтәанынӡа санаҧхьа, еилыскааит ауаҩ ду, аҳәынҭқарратә уаҩы игәалашәара аҳаҭыр азы урҭ аусқәа зегьы аҵыхәтәанынӡа ишынагӡатәу. Геннади Леонид-иҧа игәалашәара наунагӡа ҳагәқәа рҿы иаанхоит», - иҳәеит Сергеи Чеботариов.
Алада Уаҧстәыла-Аланиа Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Казбек Туганов иҳәеит Геннади Гагәылиа ибзоураны Аҧсны бзиа избаз ауаа шырацәоу.
«Геннади Леонид-иҧа иганаҿы аиҩызареи аҧхарреи зҵаз аҭагылазаашьа аҧиҵон. Ҳара Аҧсны бзиа изаабо Геннади Гагәылиа даадыруан азы ауп, - иҳәеит Туганов. – Иара еиҿикааит Аҧсны ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата бзиаӡа, иҧшааит Аҧсны адунеи аренахь ицәырзгаз апартниорцәа. Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҿы абизнес-партниорцәа ирҳаит. Иаҧиҵеит иус иацызҵаша аколлектив».
Аҧсны Афырхаҵа, аинрал-полковник Александр Чиндаров иҳәеит иҭахаз игәалашәара наунагӡа ирхамышҭуа ишыҟаҵатәу.
«Геннади Леонид-иҧеи Владислав Арӡынбеи, дара рҩызцәеи, ари амитинг аҿы урҭ рахьынтә игылоу рацәоуп, Аҧсны аиааира азааргеит. Ауаа ус ишоуп, џьоукы ҧсуеит, џьоукы ҭахоит, аха аиааира узшьӡом. Убри ауп Геннади Леонид-иҧа иҧсҭазаара зызкыз, Аҧсны иқәынхо ажәлар рыҧсҭазаара бзиахарц», - иҳәеит Чиндаров.
Алада Уаҧстәыла аҧыза-министр Ерик Пухаев иҳәеит Геннади Гагәылиа аамҭа кьаҿк шакәу дахьидыруаз. Дара Москва визитла ианыҟаз еиқәшәеит.
«Ҩыџьа арҵаҩцәа анеиқәшәалак, рҵаҩцәа ртәы иалацәажәоит. Ҩыџьа апремиерцәа абзазаратә усқәа ҳрылацәажәон. Аҧсны жәлар рзы иҟаиҵашаз апланқәа рацәаны иман», - иҳәеит иара.
Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иаҧхьеит Урыстәыла аҧыза-министр Дмитри Медведеви, Шьамтәыла ахада Башар Асади иаарышьҭыз адышшыларатә телеграммақәа.
Амитинг мҩаҧызгоз Виачеслав Цыгәба иҳәеит арҭ амшқәа рзы Аҧсны ахада ихьӡалеи иҭахаз иҭаацәа рыхьӡалеи иаауа адышшыларатә шәҟәқәа шырацәоу.
Геннади Гагәылиа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Лыхны.