Авторизация:

Аҳәынҭқарратә усбарҭқәа русураҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара азҵаарақәа ирызкын Аҳәынҭқарра ахада имҩаҧигаз аилацәажәара

Аҳәынҭқарратә усбарҭқәа русураҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара азҵаарақәа ирызкын Аҳәынҭқарра ахада имҩаҧигаз аилацәажәара
13 мая 2026 20:21 243
Апсадгьыл-инфо, 13 мая 2026 г.  

Аҳәынҭқарра аҿиараҿы, аҳәынҭқарратә усбарҭқәа русураҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара, уи аганахь ала адунеи аҿы аларҵәаразоухьоу алшарақәа рахьтә иаҳа иреиӷьу аҿырҧштәқәа рхархәара.

Абарҭ азҵаарақәа ирызкын иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба имҩаҧигаз аилацәажәара. 

Уахь ааҧхьара рыман аҧыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр, аимадереи ацифратә ҿиареи рзы аилак ахантәаҩы, IT технологиақәа ахархәара ахьрымоу анаплакқәа рнапхгаҩцәа.


Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара ада аҳәынҭқарра аҿиара шзалмыршахо. Урҭ ииашан рхархәара цхыраагӡа дууп аекономика аизырҳара аҧхьа инаргыланы егьырҭ аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа зегьы рыҟны ҳәа, азиҧхьаӡоит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит абри аус анагӡараҿы адырреи аҧышәеи змоу зегьы реидгылара шаҭахыу.

Иалацәажәан Аҧсны ҳаамҭазтәи атехнопарк аҧҵаразы лшарақәас иҟоу.    

Иара убас  иазгәаҭан Аҳәынҭқарра ахада иҿы иаҧҵахарц шалшо ҳаамҭазтәи атехнологиақәы рыларҵәара азҵаарақәа иахьрылацәажәо ахеилак.

 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений