Авторизация:

Аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит Ҳандан Шәанӡааҧҳа

Аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит Ҳандан Шәанӡааҧҳа
15 октября 2018 16:58 2174
Апсадгьыл-инфо, 15 октября 2018 г.  

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 15 2018 ш.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәра еснагь гәыҵхас измаз Али Кәыџба иҭаацәа, иаҳҳәарц ҳалшоит шықәсқәак раҧхьа ргәыхәтәы наӡеит ҳәа. Иҧшәмаҧҳәыс Ҳандан Шәанӡааҧҳаи, иҧацәа ҩыџьа - Алхаси Бараси иманы Ҭырқәтәылантәи наӡаӡа иҧсадгьыл ахь нхара ҳәа дааит. Аҧсыуак ишиаҭәаз еиҧш, анхара-анҵыра иҽазикит, Пицунда, Лӡаа ақыҭаҿы иҵәҩаншьап икит. Дарӷьажәҩаны иусқәа зегьы рҿы дивагылан еснагь зхы-зҿы еихаччо иҟаз Ҳандан Шәанӡааҧҳа.

Арҭ амшқәа рзы даара угәы узырхьуа хҭысны иҟалеит Ҳандан машәырла лыҧсҭазаара дахьалҵыз, бзиа илбоз лыҧсадгьыли, лгәазхара илзымааӡацыз лхәыҷқәеи дахьрыгхаз.

Ҳандан ҟазшьала даара ауаҩы дизааигәан. Убла дынхыҧшылар угәы иҭаз лдыруан. Рыҩнаҭа еснагь асасцәа агмызт, иааиуаз еснагь лчеиџьыка лнапы иқәыргыланы дырҧылон. Аҧсҭазаара бзиа илбон, дызхьымӡаз рацәан.

"Сара агәра згоит Аҧсны есааира ҧхьаҟа ишцо, ишыбзиахо. Насыҧ сымоуп сыхшара рыҧсадгьыл аҿы иахьеизҳауа. Уажәшьҭа Ҭырқәтәылаҟа сасра ҳәа ауп ҳашцо, ҳаҩны ҳара ҳаҧсадгьыл ауп. Ҳанааз инаркны аҧсыуак дсымбакәа имҩамсындаз амш сҳәоит. Издыруада, сандуцәа, сабдуцәа абра ааигәа џьара иҟазар, рыҧсы ҳацзар ҳәа снаҧшааҧшуеит", абас лхәыцрақәа еснагь лыҧсадгьыл иадҳәалан Ҳандан.

Лыҧсеиҧш бзиа илбоз лыҧсадгьыл гәыблыла даднакылап Ҳандан.

Сырма Ашәҧҳа

Афото: Facebook аҟынтә

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений