Авторизация:

Аҧсра абла изныкымкәа иҭаҧшхьаз аибашьра аветеран

Аҧсра абла изныкымкәа иҭаҧшхьаз аибашьра аветеран
8 мая 2019 13:51 694
Апсадгьыл-инфо, 8 мая 2019 г.  

Сынтәа 1941-1945 шықәсарзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Асовет Еидгыла аиааира 74 шықәса ахыҵуеит.

97 шықәса зхыҵуа Илиа Захар-иҧа Ачба иахьатәи аамҭазы Аҧсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рыбжьара зықәра маҷым, зҧышәа ҿырҧшыгоу, апату зқәу быргуп.

Аибашьра ду ианалагаз Илиа Ачба арра дахьахысуаз адивизиа Румыниа аҳәаақәа рзааигәара игылан. Ҩымз инарзынаҧшуа архәҭақәа 40 километр рҟынӡа зҵазкуаз аҳәаа рыхьчон. Ааҧынрахахьан, аҳәаахьчаҩцәа адҵа рыҭан рхырӷәӷәарҭақәа ааныжьны ихьаҵырц азы. Ихьаҵуан Одессанӡа.

Аиланхарҭа ҭыҧ Татаровки азааигәара Илиа Ачба иҩшьапыкгьы хәын. Ахәышәтәырҭа анаҩс диаган ирезервтәу 233-тәи ахысратә дивизиа иатәыз 572-тәи аполк ахь. Ари аполк азыҟарҵон Румыниа аҳәаақәа аанызкылоз аӷацәа рҟынтә урҭ аҭыҧқәа рҭарцәразы.

Ишьаарҵәыратәыз ахҭысқәа ахьымҩаҧысуаз афронт ацәаҳәа анаҩс Илиа Ачба дызлаз архәҭа Бухарестҟа идәықәҵан, анаҩс иҭадырцәуан Болгариеи Иугославиеи.


1944 шықәса рзы 572-тәи аполк аибашьцәа аӡиас Дунаи армаратәи аҿықә иаваршәны ахырӷәӷәарҭақәа ааныркылеит. Ари аҭыҧ аҿы ауп Илиа Ачба иуникалтәу арратә аоперациа иҽалаирхәыртә еиҧш алшара ахьиоуз. Иара дызлаз аибашьцәа гәыҧҩык адҵа рыҭан абаржақәа рыла, аӷацәа рганахь аимадара алзыршоз асистема аиагара. Уи алшара ҟанаҵон аӷацәа ртәарҭақәеи, рхыҧхьаӡареи аилкаара. Илиа Ачба иҳәоит дара уи шынарыгӡаз, аха ирацәахеит аҧсҭбара, ивыршьааит иҩызцәа.

Имҩаҧгаз аоперациа иабзоураны аибашьцәа ирылшеит аӷацәа ааха ӷәӷәақәа рыҭара. Илиа Ачба дназлоу, агәыҧ иалаз, зыҧсы ҭаны инхаз асолдатцәа зегьы иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳаракқәа ранашьан.

Аветеран гәымшәа иҳәоит уи анаҩсгьы иара изныкымкәа ахәрақәа шиоухьаз, Венгриатәи ақалақь Пешт аҭарцәраан инапы иақәшәаз ахы иахьагьы ахы инардыруеит.

Аҧсра абла аҭаҧшра захьӡу Илиа Ачба ибзиаӡаны идыруеит. Ахәра ашьҭахь дахьырхәышәтәуаз агоспиталь аӷацәа абзарбзанқәа агәыдырҵоит, усҟан иҭахоит аҳақьымцәа реиҧш Илиа Ачба ивараҿы ишьҭаз аибашьцәагьы. Аха, иара деиқәнархоит иааҳәны иқәҳаз ахәшәқәа зҭаз адулаҧ ду. Аамҭак анаҩс, ахысра ианаҟәыҵ иара уи иҧсы ҭаны даҵырхуеит.

Жәабала ахәрақәа зоухьаз Илиа Ачба аҩныҟа дгьыжьуеит иҧсы ҭаны, аинвалидра аҩбатәи агәыҧ иманы.

Ачаа рҭаацәараҿы иахьагьы иахӡыӡаауа иҵәахны ирымоуп Аиаҵәа ҟаҧшь аордени, актәи аҩбатәи аҩаӡара змоу Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аорденқәеи, иара убасгьы амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Ари аҭаацәараҿы Илиа идагьы деибашьуан уи  иашьеиҵбы Иуанагьы. Иуана Захар-иҧа Ачба хабарда дыӡуеит, иҭаацәа иахьагьы ирыздырӡом уи анышә дахьамадоу. 

Аибашьра ашьҭахьгьы Илиа Ачба имаз ахәрақәа дыриааины инапы алаикуеит ақыҭанхамҩа. Акыр аџьабаа збахьоу, аҧсҭазаараҿы изхызгахьоу рацәаӡоу аветеран иара уажәгьы, иқәра шмаҷымгьы агәкажьра издырӡом. 97 шықәса ирҭагылоу аветеран иҳәоит дарбанзаалакгьы аибашьра адәаҿы иҭахаз дфырхаҵа дуны дшыиҧхьаӡо. 


Елана Лашәриа.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений