Авторизация:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Тҟәарчал ақалақь ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Тҟәарчал ақалақь ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит
9 апреля 2026 14:28 225
Апсадгьыл-инфо, 9 апреля 2026 г.  

                                                              Иахьа Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал аԥҵоижьҭеи 84 шықәса аҵра азгәарҭоит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәхоит Аԥсны Ахада Гәынба Бадреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани.

Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҟны иҳәеит:

«Акыр иаԥсоу тҟәарчалаа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Тҟәарчал ақалақь - фырхаҵа амш!
Тҟәарчал Аҧсны ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Жәашықәсала иара Аԥсны аиндустриатә центр хадақәа ируакын, аҿиара бзиа змаз қалақьын.
Тҟәарчал аҭоурых аҿы иналукааша аҭыҧ ааныркылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи ахҭысқәа. Шәара аблокада хьанҭа шәхыжәгеит. Ахьҭакреи амлакреи шәыриааины аӡәк  иеиԥш шәеидгылеит, ахцҵәара зықәшәаз ҳауаажәлар шәыдышәкылеит.
Хашҭра рықәм Аԥсны ахақәиҭра зхыақәызҵаз ҳфырхацәа-тҟәарчалаа!
Иахьа Тҟәарчал аиҭакрақәа мҩаԥысуеит: есааира ақалақь ахаҿра аиӷьхара иаҿуп,  аинфраструктура ҿиоит, ҩаԥхьа асасцәеи атуристцәеи аднакылартә иҟалеит. Ари, раԥхьа иргыланы, абра инхо ақалақьуаа шәоуп изыбзоуроу. 
Аҳәынҭқарра аринахысгьы иалшо зегь ҟанаҵалоит Тҟәарчал аҿиаразы, ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы.
Акыр иаԥсоу Тҟәарчал ақалақь-фырхаҵа ауааԥсыра! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыгьара!
Ҽааныбзиала шәнеилааит!».             




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений