Авторизация:

Аҟәатәи алашарбага аҭоурых

Аҟәатәи алашарбага аҭоурых
4 апреля 2019 11:11 633
Апсадгьыл-инфо, 4 апреля 2019 г.  

Адунеи аҿы еицырдыруа, Париж асимвол хада, Еифель ибааш сынтәа иахыҵуеит 130 шықәса. Иара ргылан 1889 шықәса рзы Париж имҩаҧысуаз Адунеизегьтәи ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Издыруа маҷҩуп, ари абааш аамҭалатәи ргылараны ишыҟаз, ацәыргақәҵа ашьҭахь иара еимыхны аҧхьакра ргәы иҭан. Архитектуратә баҟа ихьӡ ахҵоуп аргылаҩ хада Гиустав Еифель. Абааш аҿы икыду аҭыӡӷәы иануп Франциа еицырдыруа архитекторцәа, ҧсра зқәым архитектуратә баҟақәа равторцәа 72-ҩык рыхьыӡқәа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы иара абааш ахаҭа аус адулараҿы рлагала ыҟоуп, урҭ дреиуоп Ернест Гуен.

Ернест Гуен дыфранцызын, дынхон Париж, иара Франциа анҭыҵгьы деицырдыруан. Иагьа иџьашьатәызаргьы, Ернест Гуен ҳтәылаҿгьы ишьҭа аанижьит. Иара авторс дамоуп Аҟәатәи алашарбага.

афото: commons.wikimedia.org
афото: commons.wikimedia.org

Аҳҭнықалақь аладатәи ахәҭаҿы ишьҭоуп Аҟәатәи абаӷәаза. Уи иаҵанакуа ацәаҳәа шә-метрак рҟынӡа амшын иагәыланахалоит. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аӷбақәа рыӡхыҵразы ари аҧшаҳәа аманшәалара ахә ҳаракны иршьахьан абырзенцәа, аџьамцәа, византиаа. Дара араҟа еиҿкааны ирыман аиланхарҭақәагьы. Арҭ аҭыҧқәа рҿы еиҳаракгьы инхоз ахәаахәҭыҩцәа ракәын.

А-19-тәи ашәышықәсазы, амшынтә ныҟәарақәа аҿиара бзиа анроу аамҭазы, иӡбан араҟа аӷба акаҧданцәа харантәи ирбо алашарамҩақәҵага ашьақәыргылара. Асеиҧш алашарбага цхыраагӡа дуун, амза аҽанаӡоз аҵх лашәқәа раан еиҧш, амшцәгьа бааҧсқәа аныҟазгьы. Абас ала иалагоит иахьа уажәраанӡагьы Аҟәа игылоу алашарбага аҭоурых. Ари аргылара аиндустриалтә рхитектура иабаҟоуп, иара Аҟәа асимвол хадақәа иреиуоп.

Аҟәатәи алашарбага усҟантәи ақалақь аиҳабыра рыдҵала иҟаҵан. Ари ахҭыс ҟалеит 1861 шықәса рзы. Ииашаҵәҟьаны Ернест Гуен шиаку алашарбага архитектор шьақәнарӷәӷәоит аҩналарҭаҿы икыду аҩыра. Араҟа иануп уи ихьӡи ижәлеи, алашарбага анышьақәыргылаз ашықәси.


Аҟәатәи алашарбага еибыҭаны Аҧсныҟа хәҭа-хәҭала аӷбақәа рыла иааган 1861 шықәса рзы. Иара ахьгылоу аҭыҧ хыхь иҧслымӡроуп, аха ҵаҟа абӷанҷ аҵоуп. Убри аҟынтә алашарбага мҳәазартә еиҧш, аҭыҧ аҟынтә еиҭамҵырц азы иқәырӷәӷәаны ишьақәыргылатәын. Иара ықәыргылан зышәпара дуу, апарпанта еиҧш ирҵәины адгьыл иҵоу ашьаҟақәа рҿы. Аргылара хәымз инарзныҧшуа иаҿын. Иара аура наӡоит 37 метра, уи алашара убоит 24 километра инарзынаҧшуа.


Руслан Забродин занааҭла афымцалашара дадҳәалоуп, иара Аекологиа аинститут аҿы аус иуеит. Шықәсқәак раҧхьа Руслан даҭан алашарбага ахылаҧшҩыс. Иара арахь лассы-лассы даауеит. Иара дхаланы игәаиҭоит амыругақәа русушьа.Руслан иан акыршықәса рыҩныҵҟа алашарбага иахылаҧшуа аҷаҧшьаҩыс дыҟан, иаргьы араҟа диит, изҳаит. Иҳәоит игәы ишаанамгоз хылаҧшҩыс дҟалоит ҳәа, аха иусура игәаҧхоит. Анкьа, аибашьра ҟалаанӡа алашарбага авараҟныҵәҟьа игылоу ахыбраҿы инхон алашарбагақәа зегьы рхылаҧшыҩцәа. Аибашьра ашьҭахь ахыбра еилаҳаит, уи уҩналартә иҟаӡам.

архивтә фото
архивтә фото

Алашарбага ахаларҭа маншәалаӡам, иҭшәарроуп. Аха знык уанааи иҧшӡарроуп. Еиҳаракгьы ацәанырра узцәырҵуеит амшын ӷәӷәала ианыцәқәырҧо. Араантәи уи ахәаҧшра гәаӷьыуацәоуп, аҧсабареи уареи шәхала шәеизынхазшәа, уззымиааиуа мчык уагәыланахалоушәа убоит. Амш бзиақәа раан араантәи иубоит ақалақь, Аҳабла ҿыц, Афон Ҿыц, иара убасгьы хыҧхьаӡара рацәала ари аҭыҧ иазааигәаӡаны иӡсо адельфинқәа.

Ари аҭыҧ ақалақь ауааҧсыра даара бзиа ирбоит. Ус баша иҟамлаӡеит акыр шықәсқәа раҧхьа алашарбага иаакәыршаны аҳабла ду ахьышьақәгылаз. Уи анаҩсан иагьахьӡхеит иахьа уажәраанӡагьы иныҟәнаго Алашарбага аҳабла ҳәа ахьӡ.


Алашарбага анышьақәыргылаз инаркны аус ауан еиҧҟьарада. 156 шықәса инаӡо уи аҭоурых зегьы иалагӡаны аусура ахьаанкылахьоу хынтә заҵәык роуп. Ҳаамҳазы иара аусура еиҭахацыркуп. Раҧхьатәи ашықәсқәа рзы алашарбага алашара хараӡа изышьҭуа алинзақәа амаӡамызт, араҟа иқәыргылаз абылтәы зҭарҭәоз арлашага акәын. Аха, амшцәгьақәа раан алашарбага хыхьтәи ахәҭа ӷәӷәала ихынаауан, усҟан икаҭәон акәаҷаб иҭаз абылтәы. Аҧшасраан ахынаара аанкылан алашарбагазы ҷыдала ишьақәыргылаз асхемала иаакәыршаны аихатәы шахарҳәқәа ахьнырҳаланы ианыҟарҵа. Акәаҷаб акәзар, иҧсахын еиҳа зхархәара мариаз усҟантәи аамҭазы иҿыцу ҳәа иҧхьаӡаз ала, аха шықәсқәак рышьҭахь уигьы ҧсахын афымцалашара рҧхага ала.

Ҳаамҭазы алашарбага адгьыл иқәырӷәӷәаны изку аихатәы шахақәа быжьба рахьтә акы ҧҵәаны иҟоуп. Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбар иажәақәа рыла, уи аҧсахра ргәы иҭоуп. Ааигәа ауп ианеилкааха Аҟәатәи алашарбага аныҟарҵоз Ернест Гуен иара аҩызцәаҵәҟьа даҽа ҩба шрыцҟаиҵаз. Хҧа рҟынтә акы Аҟәа иргылан, аҩбатәи шьақәыргылан Ла-Манш аҧшаҳәаҿы, аха уи Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан абзарбзанқәа агәыдҵаны аҧхасҭа ӷәӷәа аҭан. Ҳаамҭазы ахархәара амаӡам. Ахҧатәи шьақәыргылан раҧхьа Париж азааигәара, анаҩс еимыхны Аокеан ҭынч ахь ииаган, иара иахьагьы аус ауеит Каледониа ҿыц аҿы.

Аҧсны аибашьра анцозгьы Аҟәатәи алашарбага аус еиҧҟьарада иауан. Уи алдыршон арлашага иацраҧшьыз, абылтәы ала аус зуаз афымцеихшарҭақәа ҩба.


Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҧсны Анаукақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут анапхгара изныкымкәа Франциаҟа ашәҟәқәа рышьҭхьан, Аҟәатәи алашарбага асхемақәа рыҧшаараҿы ацхыраара ҟарҵарц азы. Франциантәи иаашьҭыз аофициалтә ҭак аҟны иаҳәоит архивтә шәҟәқәа шеиқәымхаз атәы. Уи ашьҭахь алашарбага аҭыхымҭақәа рыҧшаара иашьҭалан Урыстәыла. Аҵаруаа ргәаанагарақәа рыла, аҳратәра иаҵанакуа аамҭа иатәу архив аҟны иҟалар алшоит изышьҭоу адокументқәа. Иҳәатәуп иарбанзаалакгьы алашарбага ишамоу ахатәы сигнал ҷыда. Амшын ихыу еилыркаауеит уи абызшәа.

1877 шықәса рзы аурыс–аҭырқәа еибашьра аан, аҭырқәа архәҭақәа ақалақь ааныжьны ианцоз алинза зҭагылаз арлашага хада ргеит. 1878 шықәса рзы иара ҧсахын аҿыц ала. Иазгәаҭатәуп 1876 шықәса рзы аҭырқәцәа алашарбага карыжьырц ишалагахьаз. Уи агәҭакы анагӡаразы иара ахыцәқәа аихатәы шаха рҳәқәа рыла аӷба иацраҳәаны иахахьан. Алашарбага дырқәацеит, аха ирызкамыжьит. Уи аӷәӷәара абзоуроуп изықәгылоу аџыр иалхыу, аҿыгҳара шәпа змоу агьыжь. Уи адгьыл иқәырӷәӷәаны иркуп иҵарсу ашьаҟа дуқәа.
Алашарбага зықәгылоу адгьыл аҿыгҳара ашәышықәса аҩныҵҟа имаҷымкәа иагхахьеит. Анкьа зны, афырҭын ӷәӷәақәа раан, амшын аҽырцәгьаны ианыцәқәырҧоз, метрак аҟынӡа адгьыл аҿыгҳара аӡы иагеит.

Аҧсны иҟоуп алашарбагақәа хҧа. Даҽа ҩба гылоуп Гагреи Очамчыреи, аха дара аус руӡом. Уи инаҷыданы иҟоуп ашәҟәы иҭагалоу амшынтә ҳәаақәҵагатә ҭыҧқәа жәаҩа. Амала, урҭ аӷбақәа рҟынтә ианубо ҽынла заҵәык ауп.
Аҟәатәи алашрабага иазкны ажәеинраалақәа рыҩхьан иаӡәымкәа аурыс поетцәа. Владимир Маиаковскии 90 шықәса раҧхьа ииҩыз «Ари ашәҟәы сара истәуп, уи амшыни алашарбагеи ирызкыуп» захьӡу аӡәырҩы ргәаанагарала Аҟәатәи алашарбага ауп изызкыу. Ишьақәырӷәӷәаны идыруп ари аҭыҧ дшаҭаахьаз Маиаковски, усҟан иара ихыҵуаз аа-шықәса ракәын. Араҟа иибаз, хашҭра ақәымкәа игәаҵан инхаз аҧшӡара иазкны анаҩсан иара иҩит ажәеинраала. «Аҟәатәи Алашарбага шаҟаҩы рыгәгәқәа макьана иатҟәараны иҟоузеи» ҳәа ари аҭыҧ азы иҩхьан Осип Мандельштамгьы.
Ҳаамҭазы аус шауагьы, алашарбага аиҭашьақәыргылара аҭахыуп. Уи аҭыӡқәа ана-ара ажьакца рхыҵәахьеит. Иара аҵанакуеит Аекологиа аинститут, аха аҳәынҭқарра ацхыраара ада аинститут ахала уи еиҭашьақәыргылашьа амаӡам. Акыр идууп амҽхак.

Алашарбагахьы изҭахыу зегьы ааиртә еиҧш алшарақәа ыҟаӡам. Иара ахьгылоу аҭыҧ ҷыдоуп, ахылаҧшра змоу аобиектқәа иреиоуп. Арахь ааҧхьара ада уаарышьҭӡом. Иҟалап иара аҧсшьаҩцәа зҭаауа ҭыҧны иҟазҭгьы, уи иаҭныҵуа ала аныҟәгара алыршахар. Аха мап, Роман Дбар иажәақәа рыла, уи аартра ауеит, аха ауаа рацәа рхалара-рылбаара алашарбага ахаҭа иаҧырхагахоит.
Иагьа аҭагылазаашьа уадаҩзаргьы, иагьа ацхыраара аҭахызаргьы, алашарбага аус ауеит. Уи алашара амшын агәы хара ихыҷҷаалонаҵы, Аҟәатәи алашарбага аҧсы ҭазаауеит. Иҟалап мышкызны ари ахыбра амшын ихыу рзы ицхыраагӡоу акы аҳасаб мацарала акәымкәа, архитектуратә обиект еиҧш иазнеиргьы. Усҟан, хымҧада, иара иаҭаххоит иахәҭоу агәцаракра.

Елана Лашәриа.


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений