Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 2 2018 ш.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҩбатәи амш аҽны, август 15 1992 ш. рзы Гагра араион Цандрыҧшь аҳаблаҿы ақырҭуа десант ӡхыҵит. Дара рнапахьы иааргеит ақалақь зегьы, аҧсуа-аурыс ҳәаа аҟынӡа инеит.
Сентиабр 3 1992 ш. рзы Москва аконфликт ҭынчымҩала аҭыҧ ақәҵаразы аиқәшаҳаҭра ах-ганк рнапы аҵаҩын.
Аха ақырҭқәа Аҧсны рнапахьы ирзаамгаз егьырҭ ахәҭақәагьы ргара рҽазыршәо иалагеит. Убасҟан, октиабр 2 1992 ш. рзы аҧсуа ари, хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иҳадгылан еибашьырц иааз ахәҭақәеи Гагра ахақәиҭраз ажәылара мҩаҧыргеит, октиабр 6 рзы иҭадырцәит аҧсуа-аурыс ҳәаа аҟынӡа.
Гагра ирыцҟьеит Џьаба Иоселиани напхгара зиҭоз агәыҧ «Мхедрионии», Гиа Каркарашвили командаҟаҵаҩыс дызмаз агәыҧ «Тетри арцивии».
Ари аиааирала Аҧсны алшара аиоуит Урыстәыла аҳәаахь ацәырҵра, арратә блокада аҧыххеит. Уи аибашьра алҵшәа зегьы аҟны анырра ҟанаҵеит.
Гагра аҭарцәра аҧсуа ар ақырҭқәа Аҧсны ралцара рымч шакәхоз днарбеит.