Авторизация:

125 шықәса ҵит иналукааша аҧсуа лингвист Константин Шьаҟрыл диижьҭеи

125 шықәса ҵит иналукааша аҧсуа лингвист Константин Шьаҟрыл диижьҭеи
фото: АБИГИ
20 мая 2024 13:15 641
Аҧсадгьыл-инфо, 20 2024 ш.  

125 шықәса ҵит диижьҭеи иналукааша аҧсуа лингвист, афонетикеи, аморфологиеи, асинтаксиси, алексикологиеи, афольклори, алитературеи рыҭҵааҩы, Аҧсны ахьыҧшымразы ақәҧара аҧхьагылаҩ, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, акыр шықәса Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша напхгара азызуаз Константин Семион-иҧа Шьаҟрыл.

К. С. Шьаҟыл 1932-1936 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт аҟны. Аҵара даналга усҟан Н.И. Марр ихьӡ зхыз Аҧсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рыҭҵаарадырратә институт (уажәы – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт) ахь аҭҵаарадырратә усзуҩс аусура далагоит.

Ԥыҭрак ашьҭахь аҵарауаҩ абызшәа аҟәша аиҳабыс диаргоит. 1947 шықәсазы Константин Семион-иҧа Москва Н.И. Марр ихьӡ зху Абызшәеи ахәыцреи ринститут аҿы ихьчоит акандидаттә диссертациа.

1970 шықәсазы Урыстәыла Мрагыларатәи аинститут аҟны ихьчоит адоктортә диссертациа.

К.С. Шьаҟрыл «Аҧсуа шәҟәы» авторцәа дыруаӡәкуп. Аҵарауаҩ аус иуан Аҧсны еиҧш Урыстәыла, Черқьеск уҳәа.

К.С. Шьаҟыл давторуп шәкы инареиҳаны абызшәа иадҳәалоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа, иара убас хыҧхьаӡара рацәала амонографиақәа. Аҵарауаҩ имоуп афольклор, алитература ирызку аусумҭақәагьы маҷымкәа. Иара убас еизигон, икьыҧхьуан жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәагьы. Илагала азы ианашьоуп хыҧхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений