Авторизация:

100 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Ачба

100 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Ачба
фото: Sputnik Абхазия
18 апреля 2021 18:51 677
Апсадгьыл-инфо, 18 апреля 2021 г.  

100 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Захар-иҧа Ачба.

Илиа Захар-иҧа Ачба диит 1922 ш. рзы.

1941 шықәсазы, аибашьра ду ианалага, Илиа Ачба арра дахьахысуаз адивизиа Румыниа аҳәаақәа рзааигәара игылан. Ҩымз инарзынаҧшуа архәҭақәа 40 километр рҟынӡа зҵазкуаз аҳәаа рыхьчон. Ааҧынрахахьан, аҳәаахьчаҩцәа адҵа рыҭан рхырӷәӷәарҭақәа ааныжьны ихьаҵырц азы. Ихьаҵуан Одессанӡа.

Аиланхарҭа ҭыҧ Татаровки азааигәара Илиа Ачба иҩшьапыкгьы хәын. Ахәышәтәырҭа анаҩс диаган ирезервтәу 233-тәи ахысратә дивизиа иатәыз 572-тәи аполк ахь. Ари аполк азыҟарҵон Румыниа аҳәаақәа аанызкылоз аӷацәа рҟынтә урҭ аҭыҧқәа рҭарцәразы.

Ишьаарҵәыратәыз ахҭысқәа ахьымҩаҧысуаз афронт ацәаҳәа анаҩс Илиа Ачба дызлаз архәҭа Бухарестҟа идәықәҵан, анаҩс иҭадырцәуан Болгариеи Иугославиеи.

1944 шықәса рзы 572-тәи аполк аибашьцәа аӡиас Дунаи армаратәи аҿықә иаваршәны ахырӷәӷәарҭақәа ааныркылеит. Ари аҭыҧ аҿы ауп Илиа Ачба иуникалтәу арратә аоперациа иҽалаирхәыртә еиҧш алшара ахьиоуз. Иара дызлаз аибашьцәа гәыҧҩык адҵа рыҭан абаржақәа рыла, аӷацәа рганахь аимадара алзыршоз асистема аиагара. Уи алшара ҟанаҵон аӷацәа ртәарҭақәеи, рхыҧхьаӡареи аилкаара. Илиа Ачба иҳәон дара уи шынарыгӡаз, аха ирацәахеит аҧсҭбара, ивыршьааит иҩызцәа.

Имҩаҧгаз аоперациа иабзоураны аибашьцәа ирылшеит аӷацәа ааха ӷәӷәақәа рыҭара. Илиа Ачба дназлоу агәыҧ иалаз, зыҧсы ҭаны инхаз асолдатцәа зегьы иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳаракқәа ранашьан.

Уи анаҩсгьы иара изныкымкәа ахәрақәа иоухьан, Венгриатәи ақалақь Пешт аҭарцәраан инапы иақәшәаз ахы есымша ахы инардыруан.


Аҧсра абла аҭаҧшра захьӡыз Илиа Ачба ибзиаӡаны идыруан. Ахәра ашьҭахь дахьырхәышәтәуаз агоспиталь аӷацәа абзарбзанқәа агәыдырҵон, усҟан иҭахоит аҳақьымцәа реиҧш Илиа Ачба ивараҿы ишьҭаз аибашьцәагьы. Аха, иара деиқәнархоит иааҳәны иқәҳаз ахәшәқәа зҭаз адулаҧ ду. Аамҭак анаҩс, ахысра ианаҟәыҵ иара уи иҧсы ҭаны даҵырхуеит.

Жәабала ахәрақәа зоухьаз Илиа Ачба Аҧсныҟа дгьыжьуеит иҧсы ҭаны, аинвалидра аҩбатәи агәыҧ иманы.

Ачаа рҭаацәараҿы иахӡыӡаауа иҵәахны ирымоуп Аиаҵәа ҟаҧшь аордени, актәи аҩбатәи аҩаӡара змоу Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аорденқәеи, иара убасгьы амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Ари аҭаацәараҿы Илиа идагьы деибашьуан уи иашьеиҵбы Иуанагьы. Иуана Захар-иҧа Ачба хабарда дыӡуеит, иахьагьы ирыздырӡом уи анышә дахьамадоу.

Аибашьра ашьҭахьгьы Илиа Ачба имаз ахәрақәа дыриааины инапы алаикуеит анхамҩа, акыр шықәса аус иуан «Тҟәарчалрацәа» анаплакаҿы.

Илиа Ачба аус ахьиуазаалакгьы пату зқәырҵоз уаҩын.


 

 

 

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений