Аҧсадгьыл-инфо, 23 2018 ш.
Аиҧылара мҩаҧысуеит Аҧсни Алада Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Аҧсадгьыл-инфо, август 23 2018 ш. Август 24 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин идикылоит Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Алада Уаҧстәыла ахада Анатоли Бибилови. Дара, аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымра азхаҵара 10 шықәса аҵра инамаданы усутә визитла Москва инеиуеит. Абри атҽы аанацҳауеит Кремль асаит.
Аиҧылараҿы иалацәажәоит аҳәынҭқаррақәа русеицура атәы, убас аҩ-республикак рсоциал-економикатә ҿиаразы аҧхьаҟа ацхыраара рыҭара азҵаарақәа.