Авторизация:

Лаша Ашәба аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь амш рыдиныҳәалеит

Лаша Ашәба  аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь амш рыдиныҳәалеит
5 июля 2025 16:04 492
Аҧсадгьыл-инфо, 5 2025 ш.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы
Лаша Ашәба  аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Акыр иаԥсоу аҟәаа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ақалақь Амш – ҳҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аныҳәамш! 
Ҳара ибзианы иаадыруеит азқьышықәсақәа раамҭақәа рышьҭамҭа ззынрыжьыз, ажәытәра еиқәырханы иаазго, аамҭақәа ирыҵамхо ақалақь Аҟәа ҳтәыла аҭоурых аҟны есқьынгьы инанагӡоз ароль.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа рышьҭахь Аҟәа аԥсҭазаара азырхынҳәра, аиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы, иара убас иахьагьы ҳаҳҭнықалақь аԥшӡара еихаҳауа, асоциал-економикатә проектқәа рыҿиареи рынагӡареи зџьабаа аду.
Иеизҳазыӷьалааит, иҿиалааит аринахысгьы Аҟәа, иҟазааит есқьынгьы игәыҟаҵаганы, зегьы ҳзы аԥхарра, агәыкра ацны»
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений