Авторизация:

Урыстәыла иқәынхо Алада Уаҧстәыла ахьыҧшымра азхаҵара ииашан иҟалеит ҳәа рыҧхьаӡоит

Урыстәыла иқәынхо Алада Уаҧстәыла ахьыҧшымра азхаҵара ииашан иҟалеит ҳәа рыҧхьаӡоит
10 августа 2018 12:32 1823
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Ауаажәлар ргәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи ацентр (ВЦИОМ) ирыланаҳәеит Урыстәыла ауааҧсыра жәашықәса раҧхьа иҟаз ақырҭуа-ауаҧстә конфликт ашьҭахь Алада Уаҧстәыла ахьыҧшымра азхаҵара шрыдыркыло.

Аҧсадгьыл-инфо, август 10 2018 ш. 2008 ш. рзы Урыстәыла Алада Уаҧстәыла иахьадгылаз 81% ауааҧсыра аиҳабыра ииашан иҟарҵеит ҳәа рыҧхьаӡоит.

10 ш. раҧхьа Алада Уаҧстәыла ахьыҧшымра азхаҵара иашан иҟалеит ҳәа иахәаҧшуеит изызҵааз рахьынтә 80%.

Иахьазы усҟан Дмитри Медведев иҟаиҵаз иашам ҳәа ирыҧхьаӡоит 9 % ауааҧсыра, 2013 ш. рзы урҭ рхыҧхьаӡара 13 % инаӡон.

Аурыс-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа иахьазы иҽеим ҳәа ргәы иаанагоит 7 % ареспондентцәа, 2013 ш. рзы урҭ рхыҧхьаӡара 22 % ыҟан.

Аурыс-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа иахьа ибзиоуп ҳәа иахәаҧшуа 31 % ыҟоуп, 2013 ш. рзы ус ргәы иаанагон 24 %.

Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аиҩызаратә ҟазшьа амоуп ҳәа изыҧхьаӡо 7 % роуп. Абри атәы аанацҳауеит ВЦИОМ асаит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений