Аҧсадгьыл-инфо, 10 2025 ш.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусҧҟала амилициа аполковник, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ, ауаажәларра ршәарҭадара амилициа аиҳабы Беслан Руслан-иҧа Ҷкадуа иҭоуп «аинрал-маиор» ичын.
Аусҧҟа аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа рзаанаҭ амш азгәаҭара иазкны имҩаҧгаз аилатәараҿы ирылаиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Дмитри Шамба.