Авторизация:

Очамчыра араион ахада Хьрыҧс Џьапуа ихы дақәиҭтәуп

Очамчыра араион ахада Хьрыҧс Џьапуа ихы дақәиҭтәуп
23 июля 2018 18:18 2291
Аҧсадгьыл-инфо, 23 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 23 2018 ш. "Очамчыра араион ахада Џьапуа Хьрыҧс Радион-иҧа ихы дақәиҭтәызааит ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны» ҳәа аҳәоит Аҧсны ахада иусҧҟа.

 Аамҭала араион ахада инапынҵақәа Славик Қәычбериа инапы ианҵоуп.

Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада исаит.

Хьрыҧс Џьапуа Очамчыра араион ахадас ҩынтә аус иухьеит: 1997-2003 шш. рзы, 2015- 2018 шш. рзы.

Рауль Ҳаџьымба убас Аминистрцәа реилазаара аппаратә аиҳабыс Давид Сангәлиа дҟаҵазарц аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Ари аҭыҧ аҿы Давид Сангәлиа сентиабр 2017 ш. раахыс аус иуеит.

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений