Авторизация:

Аполитолог: Аҧсны урысшәала ицәажәо ауаа рзинқәа еиларгоит

Аполитолог: Аҧсны урысшәала ицәажәо ауаа рзинқәа еиларгоит
20 ноября 2018 17:37 3434
Аҧсадгьыл-инфо, 20 2018 ш.  

Путини Ҳаџьымбеи реиҧылараҿы излацәажәаран иҟоу азҵаарақәа ртәы дырзааҭгылеит аполитолог Григори Миронов

Апсадгьыл-инфо, ноиабр 20 2018 ш. Ноиабр 21 Шәача Владимир Путини Рауль Ҳаџьымбеи реиҧылара мҩаҧысран иҟоуп.

Аицәажәараан аҩ-ҳәынҭқаррак рсоциал-економикатә усеицура уажәтәи аҭагылазаашьеи уи аизҳареи ртәы иалацәажәоит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ахада исаит.

Аполитолог Григори Миронов «ПолитРоссиа» иаиҭаз аинтервиу аҿы аиҧылараҿы излацәажәаран иҟоу атәы дазааҭгылеит.

«Аҧсны амасштабқәа шдуумгьы, Урыстәылазы астратегиатә ҟазшьа амоуп. Путин Аҧсны ахадеи иареи аусеицура арҭбаара иалацәажәоит. Уи аҳәаа ирмарианы ахысра, Аҧсны иаадрыхуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ Урыстәыла аҭира, арратә усеицура ирызку азҵаарақәа роуп», - ҳәа агәаанагара имоуп аексперт.

Аполитолог иажәақәа рыла, уажәазы ареспубликаҿы аурысцәеи аурысшәала ицәажәо ауааи рҭагылазаашьа азҵаара ихадоу аҭыҧ ааннакылоит. Миронов игәалаиршәеит анхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа шыбжьырхуа.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урыстәылатәи атәылауаа зықьҩыла Аҧсны иаархәаз, мамзаргьы уаанӡа ирымаз анхарҭақәа рцәыӡит. Аҩнқәеи ауадақәеи ирықәланы ирымырхуеит», - ҳәа рыҩуеит «ПолитРоссиа».

Григори Миронов убас иҳәеит аиҧылараҿы Аҧсны инхо Урыстәыла атәылаауаа ртәанчахәы ацҵара азҵаара ишахәаҧшуа.

 

https://politros.com/132465-politolog-rasskazal-chto-obsudyat-putin-i-prezident-abkhazii-v-sochi-21-...

Афото: Кремль апресс-маҵзура

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений