Авторизация:

Лавров: Урыстәыла Аҧсни Алада Уаҧстәылеи ршәарҭадара аҧхьаҟагьы иалнаршалоит

Лавров: Урыстәыла Аҧсни Алада Уаҧстәылеи ршәарҭадара  аҧхьаҟагьы иалнаршалоит
12 ноября 2018 13:57 1461
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Алада Уаҧстәылатәи иколлегеи иареи жәларбжьаратәи аренаҿы аҧхьаҟатәи русеицура атәы иалацәажәеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 12 2018 ш. Урыстәыла Аҧсни Алада Уаҧстәылеи ршәарҭадара алыршара аҧхьаҟагьы иацнаҵоит. Абри атәы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит Алада Уаҧстәылатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев даниҧылоз, аанацҳауеит ТАСС.

«Иааигәахоит Алада Уаҧстәылеи Аҧсни злаху Кавказнхыҵ иазку Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу рраунд. Сара сагәра згоит адунеи аҿы акрызҵазкуа ари арегион аҿы ҳадгылаҩцәа ршәарҭадра алыршаразы ҳаимадара ишацаҳҵо азы», - иҳәеит Сергеи Лавров.

Дмитри Медоев иазгәеиҭеит 2019 ш. рзы Урыстәылеи Алада Уаҧстәыла иҵегьы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵап ҳәа ишақәгәыӷуа.

«Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа даара пату рықәаҳҵоит: Урыстәыла доуҳалагьы, ҭоурыхлагьы иаҳзааигәоу ҳәынҭқарраны ҳахәаҧшуеит, – инаҵшьны иазгәеиҭеит Алада Уаҧстәыла аминистр. – Исгәаласыршәар сҭахуп иааиуа ашықәс азы раҧхьаӡа акәны Уаҧстәылатәи ацҳаражәҳәаҩцәа Санкт-Петербург инеижьҭеи 270 шықәса шҵуа. Уи арыцхә ибзиан ҳаҧыларц ҳазхәыцуеит».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений