Авторизация:

Косачиов: «Урыстәыла аҳәааҿы арратә системақәа рыҟалара аҭак аиоуеит

Косачиов: «Урыстәыла аҳәааҿы арратә системақәа рыҟалара аҭак аиоуеит
25 июля 2018 16:19 1706
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 25 2018 ш. Урыстәыла аҳәаақәа рҿы иҿыцу арратә системақәа рыҟалара аҭак аиоуеит, уи арбахоит арратә планқәа рҿы. Абри атәы иҳәеит Аҧсни Алада Уаҧстәылатәи ажурналистцә данрацәажәоз Урыстәыла Афедералтә еизара Афедерациа асовет жәларбжьаратәи аусқәа рзы акомитет аиҳабы Константин Косачиов, Қырҭтәыла НАТО алалара азҵаара ахҳәаа ҟаҵо. Абри атәы аанацҳауеит ТАСС.

«Аҳәынҭқарра ҿыцқәа (НАТО иалало) Урыстәыла аанкылара хықәкыс измоу еиуеиҧшым программақәа рхы аларҵоит. Иаагозар, аракета иаҿагылоу аҽыхьчаразы европатәи асистема аҿиара.

Косачиов иажәақәа рыла, Урыстәыла аҳәаақәа рзааигәара иҿыцу арратә системақәа рцәырҵра Алада Кавказ аҿы аҭынчымра ацәыргареи Урыстәыла аганахьала арратә ҭактә аҟаҵареи роуп иаанго.

«Ари ибзиан еилыркаауазар ауп Қырҭтәылатәи ҳпартниорцәа», - иҳәеит асенатор.

Афото: ТАСС

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений