Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.
Апсадгьыл-инфо, иул 26 2018 ш. "Допуа Гиви Хонел-иҧа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭазааит», - ҳәа аҳәоит Аҳәынҭқарра ахада иахьа инапы зҵаиҩыз аусҧҟаҿы.
Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада исаит.
Уаанӡа, иул 23 рзы, ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны Аҳәынҭқарра ахада ихы дақәиҭитәит Очамчыра араион ахадас иҟаз Хьрыҧс Џьапуа.