Авторизация:

Адепутатцәа «Атәылауаҩразы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит

Адепутатцәа «Атәылауаҩразы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит
26 июля 2018 17:33 2172
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 26 2018 ш. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаа ргәынамӡара, насгьы Аҧсны иқәынхо ауаа рконституциатә ҭахрақәа инарықәыршәаны адепутатцәа «Атәылауаҩразы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит. Убри алагьы атәылауаҩра ҧықәсрада изауа рхыҧхьаӡара иацҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит аинформациатә маҵзура «Абхазиа-Информ».

«Аҧсны атәылауаҩразы» азакәан а-5-тәи астатиа иалагалоуп иҿыцны ҩ-пункт:

Апункт «г») 1992-93 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Аҧснытәи АССР иизи инхози, даҽа ҳәынҭқаррак (Урыстәыла ада) атәылауаҩра змам ауааҧсыра;

апункт «д») Ареспублика Аҧсны (Аҧснытәи АССР) ииз ауаа, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымраз акт анрыдыркылоз аамҭазы, октиабр 12 1999 ш. рзы, 18 ш. зхымҵыцыз, даҽа ҳәынҭқаррак (Урыстәыла ада) атәылауаҩра змам, аҭаацәа рахьтә аӡәы, ма аҩыџьагьы Аҧсны иатәылауаҩызар.

А-5-тәи астатиа убас иаларгалеит азгәаҭарақәа:

«Азгәаҭара. Астатиа апункт «б» азы ауаҩы Аҳәынҭқарратә хьыҧшымразы акт октиабр 12 1999 ш. рзы ианрыдыркылоз аамҭазы Аҧсны 5 ш. еиҧмырҟьаӡакәа дынхоит ҳәа иҧхьаӡоуп:

1) Аҧсны Ареспублика аҳәаа данахысуаз:

- шықәсык ахь фымз иреиҳамкәа;

- аҵара аҵаразы. Аҧсны анҭыҵ аҵара зҵоз, аҵара даналга шықәсык иалагӡаны Аҧсныҟа дхынҳәызар, иара зыӡбахә ҳәоу апериод азы еиҧмырҟьаӡакәа Аҧсны дынхон ҳәа иҧхьаӡахоит.

2) октиабр 1 1993 ш. инаркны октиабр 12 1999 шықәсанӡа зыҽҭызгаз, фактла Аҧсны инхоз, ноиабр 8 2005 шықәсанӡа «Аҧсны атәылауаҩразы» азакәан рыдыркылаанӡа аҩынтәраан зыҽҭазгалаз ауааҧсыра.

Азакәан аиҭакрақәа ралагалара, адепутатцәа ргәаанагарала, ауаажәларра рҿы аҭыҧ змоу агәынамӡарақәеи иаҧсыуаам ауаа рдискриминациеи ҧнарҟәҟәаауеит ҳәа иахәаҧшуеит, аанацҳауеит "Абхазиа-Информ".

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений