Август 14 1992 шықәса – Аҧсны аҭоурых аҿы зегь реиҳа ихлымӡааху мшуп. Уи аҽны Қырҭтәыла ар Аҧсны иақәлеит.
Аҧсны аҳҭны-қалақь ахь ианаауаз амҩан ирҧылоз ршьуан, итҟәаны иргон, иреихсуан аҭынч уаҧсырагьы.
Иалагеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.
Ақырҭуа ир раҧхьаӡа акәны еиҿкааз аҿагылара роуит Ацҳа ҟаҧшь ҳәа иахьашьҭоу, Аҟәа. Убасҟан иҧыржәеит аҧхьатәи атанкқәа.
Аҧсны Иреиҳаӡоу Асоет Апрезидиум Аҧсны жәлар амобилизациа рыларҳәеит.
Адрҩаҽны иҳацхраарц Аҧсныҟа аара иалагеит Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәа.
Август 18 рзы Аҟәа ақырҭқәа рнапахьы иааргеит. Ақалақь иалҵны идәықәлеит ақырҭқәа рыда, араҟа инхоз егьырҭ амилаҭқәа. Аҧсуа ир аӡиас Гәымсҭа ахь ииасит. Араҟа, аибашьра нҵәаанӡагьы ҭыҧс иахьрымаз, ахырӷәӷәарҭақәа ҟарҵеит.
Август 19 рзы ақырҭқәа Гагра ақалақь рнапахьы иааргеит.
«Ақырҭқәа 100 нызқьҩык ҧсыргьы, аҧсуаа 97 нызқь иҟоу рызегьы ҭахоит» - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны ақырҭуа ир акомандаҟаҵаҩыс иҟаз Гьаргь Каркарашвили.
Ас еиҧш иҟаз аҳәамҭақәа аҧсуа жәлар ргәы ҭнамҟьеит. Октиабр 2 1992 ш. рзы Гагра ахы иақәиҭтәын. Ари аҧхьатәи иааиран аибашьраҿы.
413 мшы ицоз аибашьра хыркәшан ақырҭуа ир Аҧсны ралцарала. Рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит х-нызқьҩык аҵеицәа.
Аибашьра ашьҭахь Аҧсны СНГ аҳәынҭқаррақәа рганахьала аекономикатә блокада иҭаргылан, аха уигьы рхыргеит аҧсуа жәлар, Аҧсны ахьыҧшымра Урыстәылатәи Афедерациа азхаҵара амшгьы иахаанхеит.