Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 7 2018 ш.
Октиабр 30 рзы Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларра реизара. Ари аизараҿы Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Хьырбеи Смыр иқәгылараан Анқәаб иахьа Бжьаниа дызидгылами, ҳачқәынцәа дызрыдгылами ҳәа азҵаара иқәиргылаз аҭак ҟаиҵеит Александр Анқәаб.
Ашәҟәаҿы иаҳәоит:
«Уажәааигәа, октиабр 30 рзы, Аҟәа имҩаҧысыз ауаажәларра реиҧылараҿы уқәгылара сазыӡырҩит. Ажәа мыцхәы уамыршьыкәа, исҳәарц сҭахуп ишшәыцеиҩысшауа уаргьы, ажәларгьы, Аҧсны алахьынҵазы агәҭынчымра ишәымоу. Уи ус акәмызҭгьы, ҵыҧх, февраль мзазы Аҧсныҟа схынҳәӡомызт.
Сыхынҳәра имаҷҩымкәа ҳауаажәлар иргәаҳәаран, уи азы сара сахь ааҧхьара ҟарҵон. Урҭ, уара ишуҳәаз еиҧш, гәдоуҭаа ракәу, тҟәарчалаа ракәу, очамчыраа, аҟәаа, ешыраа, гәылрыҧшьаа, мамзаргьы гагратәи сҩызцәеи сыдгылаҩцәеи ракәу - уи рзынҳажьып обиективла иазнеиуа аҭоурыхҭҵааҩцәа.
Сааразы аӡәгьы дмықәҧеит, мчыла уаҩы сааимгеит, насыҧла, аӡәгьы саагаразы ахәра инымлеит. Аҳәаа сахырмыжьырц Аҟәантәи инашьҭыз аусбарҭа ҷыдақәа рхаҭарнакцәа ртәы ҳамҳәозар.
Аҳәааҿы исҧылеит сыхынҳәра иазыҧшыз аҿар, ашьҭахь излеилкаахаз ала, бџьарла еибыҭаз. Хьырбеи, уара уа уҟаӡамызт.
Хымҧада, ас еиҧш аҭагылазаашьа сазыҧшын. Анцәа ҳихьчеит. Арҧарцәа ракәзар, ахҭынҟьа ӷәӷәа роуит.
Аҧсныҟа саара ауадаҩрақәа шрыцлоз агәҩара сыман, аха уеизгьы ииашаны ишыҟасҵаз агәра згоит. Схынҳәырцаз ааҧхьара сызҭоз, ҳаҭыр зқәу ауаагьы, рыгәрагара смырӡит. Иара убасгьы, сыхынҳәра иаҿагыланы амитингқәа еиҿызкаауази ирылахәызи, адепутатрахь кандидатс сықәгыларазы еиуеиҧшым аҳәамҭақәа ҟазҵоз срықәыӡбаӡом. Уигьы ҧышәароуп.
Хьырбеи, хымҧада, иахьатәи Аҧсны аҭагылазаашьа ахәшьарақәа иоуҭаз аҵабырг иазааигәоуп. Мзызқәак ирыхҟьаны сзықәшаҳаҭымгьы ыҟоуп. Сара сганахьала ишьҭухыз азҵаара аҭак ҟасымҵар сылшом.
Изныкымкәа сҩызцәа-аибашьра аветеранцәа, аоппозициа реиҧылара аиҿкааҩцәа ирзеиҭаҳәан азҵаара хадақәа рзы сгәаанагара. Иааркьаҿны иуҳәозар, иҟоуп проблемақәак, аполитикатә лҵшәа соуеит ҳәа ахаан сызхымҧо. Ари спозициа дара рзы иҿыцӡам. 2015 шықәса раахыс уи зныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳалацәажәахьеит. Аха, излазбо ала, акырынтә хра злоу агәаанагарақәа еицаркырц аҽазышәарақәа ҟарҵахьеит. Сара сгәаанагара урҭ азыӡыҩруа збаӡом.
Убри аамҭазы, ана-ара исаҳауеит, аиҳарак, еиҿкаау абжьқәа: дабаҟоу Анқәаб, избан ма ани, ма ари дызицым, ибжьы заҳмаҳауеи, уб. иҵ. Иара убасгьы аҳәынҭқарра ашәарҭара иҭагылар иҟалар зылшо ауҳәан-сҳәанқәа ирылацәажәоит.
Убарҭ инарымаданы, асеиҧш иҟоу азҵаарақәа сырҭоит сҩызцәа, салхыҩцәа. Урҭгьы, Хьырбеи уеиҧш, гәыкала иазыҧшуп сара сҭак.
Даргьы, уаргьы, иаахтны ишәасҳәарц сҭахуп: зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп. Аццакра иахҟьаны ааигәа иҟалаз ахҭысқәа ҳҳәынҭқарра арҧсыҽит. Уи еиҭаҟалар сҭахӡам.
Сара, мамзаргьы даҽаӡәы иполитикатә разҟы азҵаара ҳҳәынҭқарра алахьынҵа иаҧырхагар сақәшаҳаҭӡам.
Зны-зынла ирхашҭлоит ҳҳәынҭқарра аҧеиҧш зыӡбо ажәлар шракәу. Абри дарбанзаалак аполитики ауаажәларра-политикатә еиҿкараақәа рхаҭарнакцәеи ирхамышҭуазароуп.
Хьырбеи, иҭабуп ҳәа уасҳәоит сахьугәалашәаз.
Алеқсандр Анқәаб,
ноиабр 7 2018 ш.»
Урысшәала: https://apsadgil.info/news/politics/s-kem-zhe-aleksandr-ankvab-ili-pismo-khirbeyu-smyr/
Афото: Владимир Попов