Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы азакәан аиҭакрақәа алагалара атәы далацәажәо Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит ҧасатәи аизараҿы аӡәык-ҩыџьак адепутатцәа аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора абжьыҭиразы азин раҳҭо ираҳамҭо ҳәа иқәдыргылаз азҵаара уаҳа ишалацәажәатәым.
«Уи азҵаара ықәзыргылазгьы, иалацәажәазгьы, адәныҟа ҳауаажәларгьы, даара ацәажәарақәа рацәаны иҟалеит. Ари азҵаара мап ацәкуп, иара аҧхьа изҳәазгьы, изаҳазгьы, ҳаиқәшаҳаҭны амш азҵаарахь ицәырҳамгаӡеит. Ари зысҳәо, Ҭырқәтәыла дыҟоума, Урыстәыла дыҟоума, ҳара ҳдиаспора, ҳауаажәлар агәҭынчымра рнаҭеит. Убри аҟнытә уи азҵаара ҳара ҳхаан ари ҳалацәажәом».
Адепутат Баҭал Табаӷәуа иҳәеит ари азҵаара шьҭаҳхрым ҳәа аҳәара шиашам.
«Уи азҵаара аамҭа ҧыҭк анцалак ашьҭахь ҳахәаҧшыроуп. Амала, шәара ишышәҳәаз акәӡам азҵаара шықәыргылаз. Аҳәаанырцә иҟоу ҳәа акәӡам, атәым ҳәынҭқарраҿ ҳәоуп ишҳәаз. Аӡәгьы игәы иалымсааит. Ҭырқәтәыла аҧсуаа инхо рахь иарбаны, «ацә иарбаны ажә» ҳәа шырҳәо акәӡам ишыҟоу. Ари азҵаара аҳәынҭқарра иазкуп. Уи азҵаара анықәҳаргылалак, аамҭа анцалак уажәы иахьа уи ҳалаҳәажәаӡом, ара иҟаӡам. Аха сара сганахьала нас ақьаадқәа ҟаҵаны ишахәҭоу еиҧш иқәсыргылоит. Ҳхаан ҳахәаҧшӡом ҳәа аҳәара иашаӡам», - иҳәеит Баҭал Табаӷәуа.
Шықәсык ашьҭахь ҳахәаҧшуеит, иҳәеит Валери Кәарҷиа. Уи аҭакс Табаӷәуа «ҳара ҳхаан ҳахәаҧшуеит ҳәа ауп исҳәаз» иҳәеит.
Иааиуа алхрақәа рҿы анапы ашәра, иахьҭагало акәымкәа даҽа ҭыҧк аҿы аталонқәа рыла абжьыҭира мап ацәкхоит. Убас, абжьыҭираан ҧаса акандидатцәа ирҭахым ҵәаӷәаны аӡәы даанрыжьуазҭгьы, сынтәатәи абжьыҭираан ирҭаху акандидат дахьану арӷьара аганахьала аҵәаӷәа дыргылоит. Уи адагьы аҳәаанырцәтәи ауааҧсыра агитациа аҟаҵара азин рымаӡам.
Абри аҩыза аиҭакрақәа аларгалеит Аҳәынҭқарра ахада иалхразы азакәан.
